Аԥсны асанитартә-епидемиологиатә маҵзура даҽа COVID-лабораториак аанартыр ауеит

Ставропольтәи аҿкыҿагыларатә институт аҟынтә гәыԥҩык амедикцәа Аԥсныҟа иааит ареспубликатә санитартә-бактериологиатә лабораториа аҟны аус зуа рколлегацәа ирыцхраарц.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны ргәы иҭоуп аҩбатәи асанитартә-бактериологиатә лабораториа аԥҵара Гагра, ма Пицунда – аԥсшьаҩцәа реиҳа иахьырацәоу араион аҟны ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны COVID-19 аҿагылара рнапы алакуп 120-ҩык аҳақьымцәа

Абыржәтәи аамҭазы абри аҩыза алабораториа аԥҵаразы лшарақәас иҟоу ҭырҵаауеит Ставропольтәи аҿкыҿагыларатә институт аҟынтә иааз аспециалистцәа: акоронавирустә чымазара ҿкы адиагностика аҟаҵаразы ауада ҿыцқәа ылырхуеит, насгьы урҭ русураҿы ирҭаху амаҭәахәқәа рсиа шьақәдыргылоит.

"Ҳәарада, иаҭахны иҟалеит алабораториа аусураҿы ма аҩбатәи ацәаҳәа аԥҵара, мамзаргьы иакзаҵәыкны иҳамоу алабораториа аус убас еиԥш аиҿкаара, уахыки-ҽнаки рыла 100-140 ҭҵаара рымҩаԥгара алшартә. Иахәҭоу аҵара змоу аперсонал ҳамоуп, иаҳҳәап иара Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟынтәгьы. Убри азоуп аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа заԥаҳҵогьы, абри алабораториаҿы еиҳаны агәаҭарақәа мҩаԥыргартә иҟаларц ", - ҳәа ҳаиллыркааит асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик. 

Урыстәылатәи амедикцәа иаҭахны иҟоу амаҭәахәқәа рсиа шьақәдыргылоит, ПЦР-диагностика аҩбатәи ацәаҳәа аартреи апероснал рҵара аиҿкаареи рзы.

"Уажәы аурыс ԥсшьаҩцәа ахьааз инадҳәаланы, ҳлабораториа иадҵаало иалагеит аррамаҵзурауаагьы, урҭгьы ас еиԥш иҟоу аҭҵаарақәа рҭахуп. Убри азоуп арҭ аспециалистцәа ҳтәылахь изаашьҭызгьы", - лҳәеит Лиудмила Скорик.

Акоронавирус здырбало рхыԥхьаӡара есааира иахьацло амшала, алабораториа аусура еиҳа-еиҳа иуадаҩхоит, аспециалистцәа разымхара анырра ҟанаҵоит. Урыстәылатәи аепидемиологцәа рыцхыраара абзоурала – урҭ шааз еиԥшҵәҟьа аԥсуа лаборантцәа ирывагыланы аусура нап адыркит – имҩаԥысуа аҭҵаарақәагьы рхыԥхьаӡара иацлеит.

"Игәашәымҭеи шәаргьы, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы 70-100 ҭҵаара рцымхәарас 140-170 рҟынӡа мҩаԥаҳгоит. Убри зыбзоуроу Ставропольтәи ҳколлегацәа рааԥсара ахьҳадырҵо ауп", - ҳәа азгәалҭеит Скорик. 

Аԥсны аус зуа иакзаҵәыку абактериологиатә лабораториа аусушьа ахә ҳаракны иршьеит урыстәылатәи аспециалистцәа, уи аибыҭашьеи алшарақәеи ҳаракӡоуп ҳәагьы ахырҳәааит.  

"Алабораториа иара иазку аԥҟарақәа зегьы ирықәшәоит, аха ишысҳәахьоу еиԥш, уи аусура ырҭбаатәуп, аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иахьацлаз азы. Убри аҟнытә ҳара иҭаҳҵаауан алаборатортә диагностика арҭбааразы лшарақәас иҟоу, уи азы иаҭаху амаҭәахәқәа рзы абжьгарақәа ҟаҳҵеит, иара убас акоронавирустә ҿкы адиагностика ахьыҟаҵалахо ауадақәа алхын", - ҳәа еиҭалҳәеит Ставропольтәи аҿкыҿагыларатә институт алабораториа аиҳабы Диана Русанова.

Ставропольтәи аҿкыҿагыларатә институт аҟынтә иааз урыстәылатәи авирусологцәеи аепидемиологцәеи ргәыԥ Аԥсны иаанхоит ҳазҭоу амза нҵәаанӡа.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>