Аԥсны COVID-19 аҿагылара рнапы алакуп 120-ҩык аҳақьымцәа

Анапаҵаҩра
Ахаша, нанҳәа 19 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла аиҳабыра ахаҭарнакцәа алархәны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа, атуристтә сезон, Аинвестпрограмма азҵаарақәа ирызку аилатәара мҩаԥигоит.

АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Аԥсны COVID-19 аҿагылара рнапы алакуп 120-ҩык аҳақьымцәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа, атәыла ахада Аслан Бжьаниа иԥылараан.

Ия Габуния  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аусзуҩы: ақыҭақәа рҟынтә амедеиҳәшьцәа ҳавагылеит

Аминистр иазгәеиҭеит атәылаҿы ишазымхо аспециалистцәа - арԥҳахәышәтәыҩцәа, аԥсеиқәырхаҩцәа, аҿкыхәышәтәыҩцәа.

"Аҿкыхәышәтәыҩцәа, иаҳҳәозар, жәаҩык ҳамоуп, ҳара иаҳҭахуп 20-ҩык", - иҳәеит Ҵахнакьиа.

Аминистр иара убасгьы адырра ҟаиҵеит атәылаҿы иахьазы акоронавирус агәаҭаразы 5900 цыра аекспресс-тестқәа шыҟоу, иҭаҵәахны ишрымоу ахыхьчагатә комбинезонқәеи асабрадақәеи рацәаны. Иара убас иааргаразы иҿарҵеит аҵәыҵәритә концентрациақәа, арԥҳақәа аҳауа рҭарсразы еиуеиԥшым амаругақәа. Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аныхгатә материалқәа рацәаны иааргеит.

Ахада Ҵахнакьиа игәиҽаниҵеит агуманитартә тауарқәа реиҳарак "иџьоушьаргьы, аптекақәа рҟны ирҭиуеит" ҳәа. Аминистр ари аҭагылазаашьа хылаԥшра шеиҭо иҳәеит.

Амедицинатә усбарҭақәа акоронавирус зыхьуа апациентцәа рыдкылара иахьынӡазыхиоу далацәажәо, Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны 300-ҩык ахьышьҭарҵаша аиарақәа шыҟоу, Аҟәа аҿкычымазаратә хәышәтәырҭаҿы - 40 иара, Гагратәи агоспиталь аҟны - 20 иара.

Зынӡа Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа рҟны арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа 60 цыра ыҟоуп, урҭ ианаҭаххалак COVID-центр аҟны ахархәара рыҭахоит. Убри аан, аминистр иажәақәа рыла, ачымазара алаҵәара иалагеижьҭеи уи амаруга ззышьақәыргылатәхаз пациент заҵәык иоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0