COVID-19 рыдбалоуп даҽа хҩык Аԥсны ауааԥсыра

Аԥсны иахьаҵанакуа иахьатәи аамҭазы акоронавирустә ҿкы чымазара рзышьақәдыргылахьеит 224-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 82-ҩык ргәы бзиахахьеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп хҩык игәаҭаз 66-ҩык рҟынтә, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 20-ҩык апациентцәа. Зҽыԥхьакны COVID-19 аҟынтә зҽызхәышәтәуаз ҩыџьа апациентцәа ргәы бзиахеит.

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рымкырц азы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>