АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп хҩык игәаҭаз 66-ҩык рҟынтә, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 20-ҩык апациентцәа. Зҽыԥхьакны COVID-19 аҟынтә зҽызхәышәтәуаз ҩыџьа апациентцәа ргәы бзиахеит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рымкырц азы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>