Аҟәа Ақалақьтә еизара ахантәаҩ ҿыц далхуп

Уаанӡа Аҟәа Ақалақьтә еизара ахантәаҩыс дыҟан Константин Ԥлиа, иара Гал араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даҭан ԥхынгәы 21 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Дмитри Маршьан Аҟәа Ақалақьтә еизара ахантәаҩыс далхуп, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Маршьан аизара ахантәаҩыс дыҟазаауеит Ақалақьтә еизарахь изаамҭанытәиу аизарақәа мҩаԥыргаанӡа, урҭ 2020 шықәса абҵарамзазы иҟалароуп.

Гал араион ахада инапынҵақәа наигӡалоит Константин Ԥлиа

Дмитри Маршьан диит 1989 шықәсазы. Далгеит Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №10. Москва, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә економикатә университет адунеитә економика афакультет доушьҭымҭоуп.

2012 - 2014 шықәсқәа рзы Аҟәа ақалақь ахадара Аекономикеи азԥхьагәаҭареи русбарҭаҟны аус иуан.

2014 - 2015 шықәсқәа рзы – Аԥсны аԥыза-министр ицхырааҩ. 2015 шықәсазы – Аԥсны Апарламент адепутат ицхырааҩ. 2015 шықәса инаркны ИАЕ "Маҷара-Сервис" адиректор хада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2020 шықәсазы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет.

Аҟәа Ақалақьтә еизара - Аҟәа ақалақь аҭыԥантәи ахаланаԥхгара ахаҭарнакратә усбарҭоуп. Уи иалоуп 26-ҩык адепутатцәа. Дара ҿҳәарала ԥшьышықәса ҳәа иалырхуеит.

Ақалақьтә еизара ахантәаҩы адепутатцәа далырхуеит, имаӡоу абжьыҭара мҩаԥганы, ҿҳәарала адепутатцәа рмандат ахьынӡаҟоу. Ахантәаҩы имаҵурахьы акандидатура адепутатцәа иқәдыргылар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аҟәа ақалақьтә еизара Беслан Ешба аҳҭнықалақь ахадас дшьақәнарӷәӷәеит