Аҟәа ақалақьтә еизара Беслан Ешба аҳҭнықалақь ахадас дшьақәнарӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Эшба
Беслан Эшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Беслан Ешба Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даиҭеит мшаԥы 30 рзы.

АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа Беслан Ешба аҳҭнықалақь ахадас икандидатура шьақәдырӷәӷәеит лаҵара 22 рзы ҳәа Sputnik адырра аиҭеит аизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа.

"26 депутат рҟынтәи иҟан 25-ҩык. Маӡалатәи абжьыҭирала 24-ҩык рыбжьы изырҭиит, аӡәы иҽникылеит", - иҳәеит иара.

Беслан Ешба Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа иҟаҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит мшаԥы 30 рзы. Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Кан Кәарҷиа, 2019 шықәса раахыс ақалақь ахадас иҟаз. Иара ари аҭыԥ даиҭеит усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба.

Лаҵара 19 рзы Аслан Бжьаниа Ешба икандидатура Аҟәатәи ақалақьтә еизара ирыдигалеит ахадас иҟаҵаразы.

Пустая набережная Сухума  - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь ахадараҿ ԥхьаҟатәи апланқәа ртәы еиҭарҳәеит

Азакәан инақәыршәаны ахада ирыдигало акандидатура 30 мшы рыҩнуҵҟа Аҟәатәи ақалақьтә еизара маӡалатәи абжьыҭирала дшьақәнарӷәӷәароуп. Убри аан акандидатура ашьақәырӷәӷәаразы 26 депутат рҟынтәи 14-ҩык иреиҵамкәа акандидатура иақәшаҳаҭхароуп.

Ахада ирыдигалаз акандидатура аизара ишьақәнарӷәӷәар, аусԥҟа ҭыҵуеит Аҟәа ақалақь ахада дшаҭоу азы. Акандидатура рыдрымкылар, ахада азин имоуп уи даҽазныкгьы ирыдигаларц.

Ақалақьтә еизара уи акандидатура аҩбатәи аангьы мап ацәыркыр, ахада 30 мшы рыҩнуҵҟа даҽа кандидатк ихьӡ иҳәароуп. Абри аан апроцедура уаанӡеиԥш имҩаԥыргоит.

Ақалақь ахадас далххар ҟалоит Аԥсны атәылауаҩ, 30 шықәса ирҭысыз, азеиԥш џьатә стаж 5 шықәса иреиҵамкәаны измоу. Ақалақь ахада дамазаауеит Аизара азинмч аманаҵы. Убри аан иара заанаҵы дамххар ҟалоит агәрагара ицәыӡзар ма Аизара игәра шамго азы аҳәамҭа ҟанаҵазар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0