Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аргыларазы аԥара иҵегь азоужьхоит

Ахәаша, нанҳәа 21 рзы Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич Тҟәарчал араиони Аҟәеи иҟоу Аинвестпрограмма аобиектқәа дырҭааит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтырҭа хада аргылара аԥаразоужьра иацҵахоит, ари азҵаара ӡбоуп лҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Тҟәарчал араиони Аҟәеи рҿы Аинвестпрограмма аобиектқәа ргәаҭараан. Абри атәы аанацҳауеит Аекономика аминистрра асаит

Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аргылара иалагеит 2017 шықәсазы, 2017-2019 шықәсқәа рызтәи Аинвестпрограмма инақәыршәаны, уи аргылара хыркәшахар акәын 2019 шықәсазы. Иара иазоужьын 258 миллион мааҭ аԥара.

Аха апроект аҟны иазԥхьагәаҭамызт агәараанда, аморг, акрыфарҭа, амаҭәаӡәӡәарҭа, арентгентә аппарат ахьыҩнадыргыло ахыбра, амардуан амаакырақәа.

Аимпульс ҿыц: Аслан Бжьаниа дидикылеит Михаил Бабич

Кристина Озган лажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы ҩаԥхьа иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа зегьы рсиа аекспериза иҟанаҵо алкаақәа ирзыԥшуп.

Аҳәынҭқарратә компаниа "Аԥсныргылара" аиҳабы Руслан Тәанба иазгәеиҭеит ианаамҭоу аԥаразоужьра ҟалар, аобиект аҟны аусурақәа 2020 шықәса нҵәаанӡа ишыхдыркәшо.

Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аргыларазы аԥара иҵегь азоужьхоит

Ахәышәтәырҭаҟны 80 иара ҟалоит, урҭ Тҟәарчал араиони ааигәа иҟоу Очамчыреи Гали рраионқәа рқыҭақәеи рынхацәа рыдкыларазы иазԥхьагәаҭоуп.

Михаил Бабич напхгара зиҭо урыстәылатәи аделегациа Абжьаратәи абизнес дуи льготала кредит рыҭара апрограмма аусушьа ҭнаҵааит Аҟәа. Ҷыдала, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ даҭааит макьана зыргылара хыркәшам аобиект - асасааирҭатә комплекс ИАЕ "Аҟәатәи аривиера". 

Бжьаниа: Аинвестпрограмма аобиектқәа рпроектқәа рҿы агхақәа рзы иахьырхәлатәуп

Апрограмма абиуџьет иартәеит 1,2 миллиард мааҭ, афинансркра аԥҟарақәа: 10% ашықәстәиқәа, акредит аҿҳәара - 10 шықәса рҟынӡа, ахатә капитал - 10% иреиҵамкәа.

Аекономика аминистрра апресс-маҵзура ишазгәанаҭо ала, апрограмма апроектқәа реиҳарак иахьатәи аамҭазы макьана ихыркәшам.

Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич Аԥсныҟа дааит усуратә ныҟәарала аԥшьаша, нанҳәа 20 рзы. Иара игәеиҭеит Гагра араиони Афон ҿыци иҟоу Аинвестпрограама аобиектқәа. Убри аҽныҵәҟьа иара диԥылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: