Амҩақәеи афымцалашареи: 2020 шықәсазтәи Аинвестициатә проектқәа

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭлектрики восстанавливают линию
Электрики восстанавливают линию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020-2022 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа иаҵаркхоит 100 обиектк.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik. 2020 шықәса рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп 35 проект аус рыдулара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.

Иара иажәақәа рыла, 2020-2022 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа иаҵаркхоит 100 обиектк.

2020 шықәса рзы азхьаԥшра рыҭахоит амҩақәа, ӡыла аиқәыршәара, аенергетика. Еиҳа иналукааша обиектқәаны иҟоуп: Арра-Аҟәатәи амҩа, Аҷандара, Аацы, Абгархықә рахь узго амҩақәа, Пицундатәи амҩа ахәҭак, Аҟәатәи аӡымҩангагақәа ҩба, афымцалашаратә станциа маҷқәа, афымцатә цәаҳәеихшарҭақәа, Аԥсны абахҭа апроект.

"Апандемиа иахырҟьаны Аинвестпрограмма еиҭакра алаҳамгалеит, асиа шыҟаз иаанҳажьит. Уи адагьы, 2021 шықәса рзы иарбаз обиектқәак 2020 шықәсахьы ииаагеит", - иҳәоит Агрба.

Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы иазгәеиҭеит аобиектқәа рынагӡара аҿҳәарақәа макьаназ ишышьақәырӷәӷәам. Иарбахо аамҭазы аԥарақәа ахархәара рмоур, урҭ иааиуа ашықәс ахь ииагахоит", - ҳәа иҳәеит Агрба.

Ахәышәтәырҭақәа, амҩақәа, аӡымҩангагақәа: Аинвестпрограмма ԥхьаҟатәи аобиектқәа - Sputnik Аҧсны
Ахәышәтәырҭақәа, амҩақәа, аӡымҩангагақәа: Аинвестпрограмма ԥхьаҟатәи аобиектқәа

Рашәарамзазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа 2020 шықәсазы ашәагаа иагырхахом ҳәа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа нагӡаны ахархәара шзаҭамыз, уажәы уи зыхҟьаз амзызқәа анализ шырзыҟарҵо. Бжьаниа игәаанагарала, ари аҩыза аҭагылазаашьа обиективтә мзызс иамоуп Урыстәыла имҩаԥырго апроектқәа рысметатә хәыԥса ахьынӡаиашоу аекспертиза амҩаԥгара аамҭа рацәа ахьагои ахәԥса ахьыҳаракуи ауп.

Убри инадҳәаланы Урыстәыла ахадара аԥсуа ган аҭахрақәа ирықәыршәаны иаӡбеит 2020 шықәса инаркны Урыстәыла игәанаҭалоит атехникатә план ала еиҳа иуадаҩу аобиектқәа, 2012 шықәса инаркны урҭ агәаҭарақәа зегьы Аԥсны имҩаԥнагалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0