Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҳабла ҿыц даҭааит. Игәеиҭеит амҩақәа рҭагылазаашьа, аҩнеихагылақәа рынхацәеи иареи еицәажәеит аӡымҩангагақәа, агәамсам ақәгара, алифтқәа русура уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыла. Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны инхоит 20-нызқьҩык ауааԥсыра.
"Ӡыла ауаа реиқәыршәаразы Аҳабла ҿыц аҟны уадаҩра ҳәа рацәак ыҟам. Амҩадуқәа рганахьала ауадаҩрақәа иҟоуп. Аҳҭнықалақь ахада иҳәеит шьаҭанкыла акаҭран аԥсахра алымшаргьы, ажрақәа рқәыршәра ишалагатәу. Уи аԥхьа аӡымҩангагақәа рганахьала иҟаҵатәу аусурақәа ирылацәажәеит. Ишьҭыхыз еиуеиԥшым азҵаарақәа раԥхьа игылан ацқьара аҭагылазаашьа", - иҳәеит Қапба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ешба Аҟәа ақалақь аҿы хаԥышәалатәи аргыларақәа ирхылаԥштәны ибоит
Ешба анапынҵа ҟаиҵеит Аҟәа анхарҭатә фонд асистематә еиҿкаара аҭазарц
Аҟәа ахада амҩадуқәа ҩба рҿы амҩакыгақәа ргылазарц адҵа ҟаиҵеит