Ешба Аҟәа ақалақь аҿы хаԥышәалатәи аргыларақәа ирхылаԥштәны ибоит

© Sputnik Акоп Кущян Сухумская бухта
Сухумская бухта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз ашықәс азы Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа 80 рҟынӡа обиект хаԥышәала аргылара ишаҿыз аарԥшын.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Ренат Ԥачалиа. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аусдҵа инапы аҵеиҩит Аҟәа ақалақь аҿы закәаншьаҭада аргыларақәа аԥырҟәҟәаалазарц.

"Беслан Ешба аҩнусбарҭақәа рнапы ианиҵеит рнапаҵаҟа иҟоу аҵакырақәа рҿы закәаншьаҭада аргыларақәа хылаԥшра рырҭаларц. Усеиԥш аан адырра ҟарҵалароуп ақалақь ахадеи архитектор хадеи рахь", - ҳәа аҳәоит ақалақь ахадара асаит аҟны.

Аҟәа ақалақь ахадара ақалақьргылара аҭышәныртәалареи архитектуреи рзы аҟәша аиҳабы Светлана Шаменкова Sputnik иазеиҭалҳәеит хаԥышәала аргыларахь иаҵанакуа.

Администрация города Сухум - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ахада аҩнеихагылақәа рашҭаҿ акапиталтә гаражқәа рыргылара азин ҟаиҵом

"Аргыларазы азин аиура ҟалоит ақалақь ахадара арпоект ианақәшаҳаҭха ашьҭахь. Аескизтә проект шьаҭас иҟаҵаны ҳара азин ҟаҳҵоит акны ма ҩбаны еихагылоу аобиектқәа рыргыларазы. Аобиект идуу акакәзар, иаҭаххоит аусутә проект. Уи ҵаҵӷәны иазыҟазароуп адгьыл агәаҭареи аконструкциа аус адулареи. Ус анакәымха, аобиект закәаншьаҭада иргылоуп ҳәа иазыԥхьаӡоуп", - ҳәа лҳәоит Шаменкова.

Шаменкова лажәақәа рыла, хаԥышәала иргылоу аобиект ангәаҭаха ашьҭахь аус аӡбарҭахь инарышьҭуеит. Аӡбарҭа аӡбрала аобиект ма иқәыргоит ма иаанрыжьуеит.

Иҳаҩсыз ашықәс азы ақалақь аҩныҵҟа 80 рҟынӡа обиект хаԥышәала аргылара ишаҿыз аарԥшын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0