Ахәыҷқәа рзы: аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ҿыц ӡыргоуп

Хԥа инаркны хәышықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ҿыц аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа, аҩаша, нанҳәа 25 рзы. Апрограмма рзынархоуп аԥсуа бызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа.
Sputnik

Аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ҿыц аԥырҵеит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аԥсуа бызшәа аҿиара агәыҳалалратә фонд аҟны. 

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Ҩышықәса аџьабаа зыдбалаз

Аҵарауааи, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәеи, ашкол адиректорцәеи, арҵаҩцәеи, аԥсуа бызшәа аҿиара афонд аусзуҩцәеи злахәыз аиԥылара аартуа Леуан Лагәлаа еиҭеиҳәеит аиҿкаара аусура атәы.

Ахи ахәамци анеидҳәалам: дҵаки қәҵараки рҭоурых

"Афонд аусура иалагеит 2018 шықәсазы, уи аахыс аусзуҩцәа гәыԥҩык аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ҿыц аус адырулон, абызшәа ззымдыруа ирызкны. Абарҭ ҩышықәса ирылагӡаны ҳара ҳахь иаауан Уельси Германиеи рҟынтә апрофессорцәа, Ҟарачы-Черқьессиантә аҵарауаа. Уи адагьы ҳара Ҭырқәтәылаҟа ҳцаны Анталиа ахәыҷбаҳчақәа русушьа гәаҳҭеит. Абри аусура зегь шьаҭас иаиуит иахьа иӡыраҳго аметодика", - иҳәеит иара.

Лагәлаа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аус иацхрааз амеценатцәа – аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аиҳабы Николаи Ачбеи Баграт Шьынқәба ихьӡ зху агәыҳалалратә фонд адиректор Леуан Миқааи.

Аԥсуа бызшәа аҿиара агәыҳалалратә фонд адиретор Леуан Миқаа еиҭеиҳәеит, аметодика ҿыц ахархәара аҭахоит ҳәа аҳҭнықалақь аҿы иҟоу хаҭалатәи ашколқәа ҩба рҟны, азыҟаҵаратә классқәа рҵаҩцәа рыбжьара.

Ԥачлиаԥҳа ахәыҷқәа ахатәы бызшәа дырҵара аметодика ҿыц азы: аҵыхәтәахьы инагоу усумҭоуп

"Ари акыр иуадаҩыз усын, ҩышықәсагьы ҳагеит. Аусуратә гәыԥ иалан абызшәадырыҩцәа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чрыгба аԥхьа днаргыланы, иара убас аԥышәа ду змоу арҵаҩцәа, алитераторцәа", - иҳәеит иара.

Аметодика ҿыц хықәкыс иамоуп – аеффективра зцу амҩала ахәыҷқәа рхатәы бызшәа рҵартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара, ус ада даҽакала иауӡом аҳәынҭқарра ашьақәгылареи арҿиареи ҳәа азгәеиҭеит Миқаа.

"Сусқәа зегьы иреиҳау"

Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аԥсуа бызшәа аҿиара агәыҳалалратә фонд алахәыла Виачеслав Чрыгба аметодика ҿыц аус адулара – иԥсҭазаараҿы дзыхьӡахьоу аусқәа зегьы иреиҳау ируакуп ҳәа ахиҳәааит.

Ахәыҷқәа рзы: аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ҿыц ӡыргоуп

"Избан акәзар ари ижәытәӡоу, ибеиоу ҳхатәы бызшәа арӷәӷәара иазкуп. Зус гәыкала иазыҟоу, дук ирацәам агәыԥ ҳҽеидаҳкылеит, иара убас иҟоуп ҳусура финансла иадгыло ауаа бзиақәа.  Ари еихьӡара дуӡӡоуп, абызшәа ззымдыруа ахәыҷӡақәа рзы аметодика ахьҳауз. Иҭаҳҵааз абарҭ апрограммақәа адунеи аҿы зегь реиҳа иҿыцӡоу аметодикақәа шьаҭас ирымоуп. Ҳгәыӷуеит ҭагалан азы апрограмма аусура иалагап ҳәа ахәыҷбаҳчақәа рҟны хԥа-ԥшьба гәыԥ зхы иазырхәо ҟалап ҳәа. Апрограмма шхырҳагоу аанарԥшып ҳәагьы ҳгәыӷуеит", - иҳәеит аҵарауаҩ.

Аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ҿыц хә-шәҟәык рыла ишьақәгылоуп, руакы – арҵаҩцәа рзы цхыраагӡоуп.

"Иҟоуп ажәа ҿыцқәа, аҽаршьцыларақәа, ахәмаррақәа, ашәақәеи ажәеинраала хәыҷқәеи, урҭ нас акомпакт-дискқәеи амультфильмқәеи рҿы еиҭауԥылоит. Абасала аматериал шьақәырӷәӷәахоит, ҳгәыӷуеит ахәыҷқәа аус здаҳулаз апрограмма зегь гәныркылап ҳәа", - иҳәеит Чрыгба.

Аметодикақәа реиқәыршәара аус ԥхьаҟагьы иацҵахоит, афонд иазнархиеит ԥшьышықәса инаркны фышықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы арҵагашәҟәқәа. Ргәы иҭоуп абжьаратә школ актәи акласс аҵаҩцәа рзыҳәангьы арҵагашәҟәы аҭыжьра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: