АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Ҭаацәаныла зыԥсы зшьо атуристцәа иаҳа изызҿлымҳау аҭыԥқәа рахьтә Аԥсны ахԥатәи ааннакылеит, абри атәы аанацҳауеит атурқәа рыԥшаареи раахәареи рзы амаҵзура Level.Travel.
Ҭаацәала иаауа атуристцәа реиҳараҩык, 71%, аԥсшьаразы иалырхит аҭырқәа курортқәа, 27% еиҳа ргәы иақәшәоит Ҟрым, Шәача, Краснодартәи атәылаҿацә, иаанхаз ҩ-процентк - Аԥсны.
Аекспертцәа иазгәарҭоит арҭ ахырхарҭақәа аналырхуаз еиҳа изызхәыцыз абжьаратә чекқәа роуп.
Убас, Ҭырқәтәыла нанҳәа 2020 шықәсазы бжьаратәла 109 нызқь мааҭ ҭаацәак ирызтәоит, ахәыҷқәа зцу - 13% рыла еиҳаны, даҽакала иуҳәозар, 123 нызқь мааҭ.
Шәачаҟа рцара иартәоит бжьаратәла 50 нызқь мааҭ, ахәыҷқәа рыцзар, 30% рыла еиҳаны, иааидкыланы 65 нызқь мааҭ.
Уаанӡа аԥсшьаразы анхарҭақәа рҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru аҟны ишазгәаҭаз ала, атуристцәа цәыббреи жьҭаара алагамҭеи рзы 8-14 мшы ҳәа Аԥсныҟа ԥсшьара иаауеит, иагьнырхуеит 829 мааҭ инадыркны 1,4 нызқь мааҭ уахыки-ҽнаки рыла.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны аҩгьамабаратә туризм азы иреиӷьу хә-хырхарҭак иреиуахеит