АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Адиагноз акоронавирус рзышьақәыргылоуп даҽа 15-ҩык ауаа, уахыки-ҽнаки рыла игәаҭаз 140-ҩык рахьтә ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аацҳамҭаҿы иазгәаҭоуп, иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишышьҭоу 17-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 15-ҩык акоронавирус рцәа ишалоу шьақәырӷәӷәоуп. COVID-19 змоу ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп, ҩыџьа – бжьаратәуп, ахәыҷқәа ҳәа уаҩ дыҟам.
Аҩаша, нанҳәа 25 рзы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит акоронавирус здырбалаз Лабра ақыҭа анхаҩы иԥсҭазаара дшалҵыз. Ақыҭаҿы акарантин рылаҳәоуп.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>