Шәарыцара Аԥсныҟа: аҳәааҿы иаԥырҟәҟәаауп изакәантәымкәа абџьар ахыгара

Иарбанзаалак абџьархкқәа Урыстәылантә аҭгара ма атәылахь аагара ауеит абџьареикәыршара аусхк аҟны азинмчы змоу анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭа ақәшаҳаҭрала мацара.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ Аԥсныҟа иааигарц игәы иҭан ашәарыцага шәақьи аџьаԥҳани уи азы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа еилаганы, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Шәарыцара Аԥсныҟа: аҳәааҿы иаԥырҟәҟәаауп изакәантәымкәа абџьар ахыгара

Ахаҵа дааныркылеит аушьҭырҭатә пункт "Адлер" автомашьынақәа рахысырҭа ацәаҳәаҿы, имашьына агәаҭараан ирбеит ашәарыцага шәақь "Сайга-12", ҩ-патронаҭраки, хә-патронаки.

Ашәақьи аџьаԥҳани анаҩстәи рекспертиза аҟаҵаразы Шәачатәи аҳазалхра аусзуҩцәа ирыҭоуп.  

Амаҵуратә, ма атәылауаҩратә абџьар Урыстәылантә аҭгара ма атәылахь аагара ауеит абџьареикәыршара аусхк аҟны азинмчы змоу анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭа ақәшаҳаҭрала мацара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: