Аԥсны-Урыстәыла аҳәааҿы арыжәтә аалыҵ ахыгара аԥырҟәҟәаауп

© Foto / Пресс-служба ЮВОАԥсны-Урыстәыла аҳәааҿы арыжәтә аалыҵ ахыгара аԥырҟәҟәаауп
Аԥсны-Урыстәыла аҳәааҿы арыжәтә аалыҵ ахыгара аԥырҟәҟәаауп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурорттә сезон иаалагазар Аԥсны-Урыстәылатәи аҳәааҿ имаҷымкәа азинеилагарақәа аарԥшуп.

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. Шәачатәи аҳәаахьчаҩцәа аҳәынҭқарратә ҳәаа 150 ԥаҭлыка аҩи 42 ԥаҭлыка ашампан ҩи рахыгара ааныркылеит ҳәа аҳәоит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ Адлер аҿы аҳазалхыҩцәа иааныркылеит автомашьына Mersedes-Benz Sprinter.

Граница. - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә ҳәааҿ аҭаҭынлых аконтрабанда аԥырҟәҟәаауп

Аҳазалхыҩцәа имҩаԥыргаз агәаҭараан ирбеит 22 ҭоԥ арыжәтә аалыҵ. Зынӡа - 150 ԥаҭлыка аҩи 42 ԥаҭлыка ашампан ҩи. Иааидкыланы 144 литра.

Ставропольтәи атәылаҿацә ауаҩԥсы иҳәеит арыжәтә Аԥсны адәқьанқәа руак аҿы ишааихәаз, иԥҳа лчарахь ишигоз. Иара убасгьы иҳәеит аҳәаа уаанӡа дшахымсыцыз, убри азы арыжәтә ашәҟәы иҭагалатәуп ҳәа шизымдыруаз.

Иара убри амш азы аҳәааҟны иҟалеит аҽа хҭыскгьы: автомашьына Skoda Superb аԥсҟы зкыз аԥҳәыс лҽазылшәон адекларациа зызумыз 24 ԥаҭлыка аԥсуа ҩы аҳәаа ахыгара. Лара лажәақәа рыла, лҩызцәа ҳамҭас ирзылгон, аҳазалхратә закәанқәа лыздырамызт.

Атауар аекспертизахь инашьҭуп. Административтә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара иаҿуп.

2019 шықәса иаалагазар ихацдыркхьеит 145 усеилагара рыҭҵаара, идырбаандаҩхьеит 650 литра рыжәтә аалыҵ.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0