Аԥсны иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус ззышьақәдыргылаз 40-ҩык ыҟоуп

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа 466-ҩык ишрылоу аадырԥшхьеит. Урҭ рахьтә 154-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы игәаҭан 182-ҩык ауаа, урҭ рахьтә ари адиагноз 40-ҩык ирзышьақәыргылан ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Уажәазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус ззышьақәыргылоу апациентцәа 40-ҩык. Урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп, жәаҩык - ибжьаратәуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи рҽыхәышәтәны дылырҩааит пациентк.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>