АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы игәаҭан 182-ҩык ауаа, урҭ рахьтә ари адиагноз 40-ҩык ирзышьақәыргылан ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Уажәазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус ззышьақәыргылоу апациентцәа 40-ҩык. Урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп, жәаҩык - ибжьаратәуп.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи рҽыхәышәтәны дылырҩааит пациентк.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>