Тҟәарчал инхо ауааԥсыра рахьтә раԥхьаӡа акоронавирус зыхьыз даадырԥшит

Аԥсны иахьатәи аамҭазы акоронавирус рыдырбалахьеит 384-ҩык. Урҭ рҟынтәи 138-ҩык ргәы бзиахеит, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. COVID-19 раԥхьаӡа акәны идбалоуп Тҟәарчал инхо ауаҩԥсы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәлиа.

Акомпиутертә томограф Гәдоудауҭатәи ахәышәтәырҭахь инагоуп

"Апандемиа иаалагазар аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маншәалан иҟан. Аӡәгьы ачымазара идҳамбалацызт. Цәыббра акы азы Тҟәарчалынтәи ицаз астудент ПЦР-анализ COVID-19 агәаҭаразы иҟаиҵеит. Анализ ишьақәнарӷәӷәеит авирус шилоу", - лҳәеит лара.

Цәыббра 2 рзы Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа ишьақәдыргылеит ичмазаҩхаз дызныруаз ахаҿқәа, урҭ рбиоматериал агәаҭараз Аԥсны Асанепидемстанциахь инарышьҭит. Атестқәа рҭак еилкаахоит цәыббра 4 рзы.

"Апациент иҭаацәа гәаҳҭеит. Атестқәа рҭак иаҿырԥшны аҭаацәара алахәылацәа зныруаз ауаагьы гәаҭахоит. Аиныррақәа зегьы рышьақәыргылара уадаҩуп, аха иахьынӡалшо агәаҭарақәа мҩаԥаагоит", - лҳәеит лара.

COVID-19 зыдбалоу Тҟәарчал инхо ауаҩԥсы москватәи аҵараиурҭақәа руак аҿы аҵара иҵоит.

"Ҳара ачымазаҩ иҭагылазаашьа ҳашьклаԥшуеит. Макьаназы авирус аҟазшьақәа идаҳбалом. Бжьаратәла ахьанҭара змоу ачымазара аҩны ахәышәтәра алшоит", - ҳәа лҳәеит аҳақьым хада.

Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп COVID-19 шрымоу ззышьақәырӷәӷәоу 30-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>