АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik. Акомпиутертә томографиа аппарат Гәдоудауҭатәи ахәышәтәырҭахь инагоуп цәыббра 2 рзы ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура. Амедицинатә хархәага аанахәеит коронавирус аҿагылараҿы ареспублика ацхыраара анаҭарц еиҿкааз аԥсуа бизнесуаа рхеилак "Ҳара ҳаӡәыкуп".
"Иахьазы аковид змоу рыхәышәтәразы иҟоу астандартқәа инарықәыршәаны агәхыц, ҷыдала арыԥҳақәа акомпиутертә томографиа рзыҟаҵара ихадоу методны иҟоуп агәыҵәкра заанаҵы ашьақәыргыларазы" - ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.
Аминистрра адырраҭарала аппарат шьақәдыргылоит цәыббра 5 рзы иаразы ирхиоу аҭыԥ аҿы.
"Ҳәарада ахәышәтәырҭаз ари цхыраагӡа дууп. Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иахәҭаны иҟоу амыругақәа рыла еибыҭоуп", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны коронавирус рыдбалоуп 359-ҩык, ргәабзиара шьақәдыргылахьеит 125-ҩык.
Ахәышәтәырҭа иҭоуп 29 пациент коронавирустә инфекциа рыманы. Хәҩыуаак рҭагылазаашьа хьанҭоуп, жәҩык – бжьаратәуп.
Акоронавирус иазку ажәабжьақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>