Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа Очамчыра имҩаԥысуаз ажрақәа рылҵшәақәа ртәы

Аԥсуа- аурыс археологиатә гәыԥ изаамҭанытәу ажрақәа хнаркәшеит Очамчыра. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, археолог Аркади Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ижәытәӡатәиу ақалақь Гиуенос иахьаҵанакуа ажрақәа раан иаарԥшыз аԥшаахқәа ртәы.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа Очамчыра имҩаԥысуаз ажрақәа рылҵшәақәа ртәы

"Ҵыԥх ажрақәа раан иаҳаԥшааз арамеи бызшәала аҩыра зныз ақьырмыт, хымԥада, ихадоу ҳәа иԥхьаӡоу акоуп. Москва иҟоу Урыстәылатәи археологиатә институт аҟны ихадоу аԥшаахқәа ҩажәа ахьеиқәырԥхьаӡоз акы ҳәа иалашәеит. Ҭагалан уи иазкны Москва ацәыргақәҵа ҟалоит ҳәа адырра сымоуп. Урыстәыла шәкыла имҩаԥырго аекспедициақәа рҟны ҳара ҳтәгьы алоуп, избанзар дареи ҳареи ҳаилахәны имҩаԥаагоит. Сынтәатәи ҳаԥшаарақәагьы лҵшәадамхеит. Иҳаԥшааит даҽа қьырмытк, амала уи аҩыра ануп ажәытә бырзен бызшәала", - иҳәеит Џьапуа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәытә ҩыра зныз ахаҳә ҟьаҟьақәа Очамчыра ирбеит