Акоронавирус злаз аԥҳәыс Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь дшыргоз лыԥсҭазаара далҵит

Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу рхыԥхьаӡара иахьатәи аамҭазы 516-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 157-ҩык ргәы бзиахеит, хәҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik. Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿы акоронавирус лцәа иалоуп ҳәа иаадырԥшыз зықәрахь инеихьоу апациентка лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь дшыргоз, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Ахәаша, цәыббра 4 рзы Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭахь днанагеит хҭагылазаашьа бааԥсыз 74 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Лара лклиникатә ҭагылазаашьа акоронавирус лцәа иалазар ҟалоит ҳәа агәҩара ахьыҟаз азы, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭарҵарц рыӡбеит, аха дрыманы ишцоз, амҩан лыԥсҭазаара далҵит. Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭаҿы илымырхыз ПЦР-анализ COVID-19 лцәа ишалаз аанарԥшит", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу гәарҭеит 110-ҩык атәылауаа, уарҭ рахьтә адиагноз рзышьақәыргылоуп 14-ҩык.

Акомпиутертә томограф Гәдоудауҭатәи ахәышәтәырҭахь инагоуп

Уажәазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп COVID-19 ззышьақәыргылоу 45-ҩык апациентцәа, урҭ  рахьтә рҭагылазаашьа бааԥсуп 7-ҩык, рҭагылазаашьа бжьаратәуп 13-ҩык.

Аоперативтә штаб иара убас Аԥсны араионқәа рҟны ари ачымазара шалаҵәоу иазку астатистикатә рбагақәа аанагоит атәылаҿы раԥхьатәи акоронавирустә хҭыс аныҟалаз инаркны цәыббра 6, 2020 шықәса рҟынӡа:

  • Аҟәа ақалақьи Аҟәатәи араиони - 376-ҩык;
  • Гәдоуҭа араион - 66-ҩык;
  • Гагра араион - 38-ҩык;
  • Очамчыра араион - 25-ҩык;
  • Гәылрыԥшь араион - 9-ҩык;
  • Тҟәарчал араион - ҩыџьа.

Араионқәа рганахьала иаагоу астатистика шьаҭас иамоуп апациентцәа рбиоматериалқәа ахьыргаз аҭыԥқәа, уи дара рынхарҭа ҭыԥ иақәымшәозар ҟалоит ҳәа азгәарҭеит аштаб аҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>