"Аԥсны агәадура" афинал ахь инеиз афинансқәа рминистр ицхырааҩс дҟарҵеит

Алмахсиҭ Осиа абизнес маҷи ибжьаратәу абизнеси рыцхрааразы аусура инапы алаикуеит, иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны "Аҿартә наплакра ашкол" аус адиулалоит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Влдаимир Делба аицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны аԥшьбатәи аҭыԥ аанызкылаз Алмахсиҭ Осиа ицхырааҩыс иҟаҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа Facebook аҟны рдаҟьаҿы.

Гамсаниаԥҳа аицлабра "Аԥсны агәадура" азы: амаҵураҿы зхы аазырԥшыша аҿар шыҟоу ҳнарбеит

Аиԥылараан Владимир Делба иазгәеиҭеит Алмахсиҭ Осиа наҟ-наҟ ари аусбарҭаҟны ихы ааирԥшырц азы, иеизҳаразы алшарақәа зегьы шимоу.

Осиа инапы алаикуеит аԥеиԥш змоу анаплакқәа рыԥшаареит рыцхыраара аформатқәа рзалхреи, еиҳарак аҿар атехнологиатә аԥшьгамҭақәа рымазар. Уи адагьы, иара ААУ аҿы иаартхо апроект "Аҿартә наплакра ашкол" ҳәаақәҵаҩыс дамазаауеит.

"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.

Мызқәак раахыс имҩаԥысуаз анапхгаҩ ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" хыркәшахеит нанҳәа 25 рзы, уи аҟны иаиааиз хәҩык рыхьӡқәа рыларҳәеит Аҟәа. Аицлабраҿы аиааира згаз алкаан алахәцәа рфинлатә реитинг алҵшәақәа рыла, иара шьақәгылон 70% аконкурстә комиссиа рыхәшьаралеи, 30% онлаин-бжьыҭаралеи.

Ауаа рыбжьыҭареи аконкурстә комиссиа рыхәшьареи неилаҵаны актәи аҭыԥ ааникылеит Саид Беиа, аҩбатәи – Асҭамыр Қәҭарба, ахԥатәи – Александр Ачба, аԥшьбатәи – Алмахсиҭ Осиа, ахәбатәи – Абзагә Ҵәыџьба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: