"Аԥсны агәадура" афинал ахь инеиз Асҭамыр Қәҭарба Александр Анқәаб иабжьгаҩс дҟалеит

© SputnikАстамур Кутарба
Астамур Кутарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны Асҭамыр Қәҭарба ицәыригаз апроект аиҿкаара дуқәа рыҩнуҵҟа аелектронтә ҳасаббареи урҭ русура ахылаԥшреи ирызкын.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Апроект "Аԥсны агәадура" афинал аҿы аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз Асҭамыр Қәҭарба атәыла аԥыза-министр Александр Анқәаб аштат иалам иабжьгаҩс дҟарҵеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Қәҭарба ихаҭа.

"Аицлабра "Аԥсны агәадура" алҵшәақәа анеилкааха ашьҭахь, уи аиҿкааҩцәа атәыла ахадеи аԥыза-министри рахь аҳәара ҟарҵеит сара аԥыза-министр иабжьгаҩс сыҟаҵара азҵаара иахәаԥшырц. Сара даара сгәы иахәоит Александр Золотинска-иԥа Анқәаб сыгәра ганы ари амаҵура сахьахаиргылаз. Апроектқәа ртәы макьана аҳәара уадаҩуп, уажәоуп санарҭа, аха ҳауаажәлар ргәы иҵхо азҵаарақәа зегьы ҭаҳҵаалоит, Аминистрцәа Реилазаара Аппарат аҟны иақәнагоу ажәалагалақәа ҟаҳҵалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Асҭамыр Қәҭарба.

Аԥыза-министр иабжьгаҩ ииӡбо зегьы Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала ишьҭырхлоит. Қәҭарба ишазгәеиҭаз ала, иара иеиқәиршәало апроектқәа зегьы Аминистрцәа Реилазаара Аппарат аиҳабы иирдырлароуп, уи дазыразхароуп.

"Аԥҟара ишаҳәо ала, сара аԥыза-министр иҷыдоу идҵақәа насыгӡалароуп, Аминистрцәа Реилазаара аилатәарақәа срылатәазароуп, азакәанԥҵарахь аиҭакрақәа ралагаларазы апроектқәагьы рыдызгалалар сылшоит. Урҭ апроектқәа ртәы аҳәара макьана ицәгьоуп, уажәоуп аусура саналаго, ԥыҭрак ашьҭахь урҭ арбақәангьы еилкаахоит", – ҳәа иациҵеит Қәҭарба.

Мызқәак раахыс имҩаԥысуаз анапхгаҩ ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" хыркәшахеит нанҳәа 25 рзы, уи аҟны иаиааиз хәҩык рыхьӡқәа рыларҳәеит Аҟәа. Аицлабраҿы аиааира згаз алкаан алахәцәа рфинлатә реитинг алҵшәақәа рыла, иара шьақәгылон 70% аконкурстә комиссиа рыхәшьаралеи, 30% онлаин-бжьыҭаралеи.

Ауаа рыбжьыҭареи аконкурстә комиссиа рыхәшьареи неилаҵаны актәи аҭыԥ ааникылеит Саид Беиа, аҩбатәи – Асҭамыр Қәҭарба, ахԥатәи – Александр Ачба, аԥшьбатәи – Алмахсиҭ Осиа, ахәбатәи – Абзагә Ҵәыџьба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0