АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы игәаҭан 134-ҩык ауаа, урҭ рахьтә ари адиагноз 20-ҩык ирзышьақәыргылан ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Уажәазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 50-ҩык, урҭ рахьтә акоронавирус рзышьақәыргылоуп 48-ҩык. Урҭ рахьтә быжьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп, 10-ҩык - ибжьаратәуп, аӡәы Дагомыс ахәышәтәырҭахь дыиагоуп. Дыхәшәтәны аҩныҟа доушьҭуп пациентк.
Ауааԥсыра ПЦР-адиагностика иахысыз аҭак роур рылшоит абри аҭел ала: 222 56 41
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачҳара аадырԥшырц, еилыркаарц ареспубликатә санитартә-бактериологиатә лабораториа алшарақәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>