COVID-19 рыдбалоуп даҽа ҩажәаҩык Аԥсны ауааԥсыра

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосквичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19
Москвичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа 536-ҩык ишрылоу аадырԥшхьеит. Урҭ рахьтә 158-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, хәҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы игәаҭан 134-ҩык ауаа, урҭ рахьтә ари адиагноз 20-ҩык ирзышьақәыргылан ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Уажәазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 50-ҩык, урҭ рахьтә акоронавирус рзышьақәыргылоуп 48-ҩык. Урҭ рахьтә быжьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп, 10-ҩык - ибжьаратәуп, аӡәы Дагомыс ахәышәтәырҭахь дыиагоуп. Дыхәшәтәны аҩныҟа доушьҭуп пациентк.

Ауааԥсыра ПЦР-адиагностика иахысыз аҭак роур рылшоит абри аҭел ала: 222 56 41

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачҳара аадырԥшырц, еилыркаарц ареспубликатә санитартә-бактериологиатә лабораториа алшарақәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0