Елерџьиа: амҩақәа рыҟаҵара анхацәа рзы ихадоу усуп
© Sputnik
"Уажәазы акаҭран ақәҵаразы амҩақәа рырмазеира иаҿуп. Аҳаблаҿы ԥшь-мҩадук еиқәыршәаны ҳалгарц акгьы ҳагым, анаҩс акаҭран ақәҵара иалагоит. Аусурақәа хацҳаркыижьҭеи жәамш раҟара ҵуеит. Амҩақәа маншәаланы ианыҟала анхацәа рзы ари даара ихадоу усуп. Иааизакны 7-8 километра акаҭран ықәҵахоит. Аусурақәа анхыркәшахо ҳәа макьана исызҳәом, иара аҭыԥ ахаҭагьы усҟак иманшәалам, акаҭран ақәҵара аус кыр аамҭа агар алшоит. Мышкы атехникақәа хәба-фба аус руеит, 15-ҩык инарзынаԥшуа аусзуҩцәа адыԥхьалоуп. Акаҭран ахаҭа Очамчыра азауад аҟынтә иааргоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Елерџьиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Амҩақәеи афымцалашареи: 2020 шықәсазтәи Аинвестициатә проектқәа