Арадио

Дочиа Тҟәарчалтәи аџьармыкьазы: ақалақь иқәынхо зегьы гәырҩас ирымоуп

Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ақалақьтә џьармыкьа аҭагылазаашьа атәы.
Sputnik
Дочиа Тҟәарчалтәи аџьармыкьазы: ақалақь иқәынхо зегьы гәырҩас ирымоуп

"Ақалақь иқәынхо зегьы гәырҩас ирымоуп (аџьармыкьа - аред.), избанзар аргылара изалымгаӡеит. Арахь иазоужьыз, иазыԥҵәаз аԥара аҵыхәанӡа инагоуп. Уажәы Кристина Озгани (аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр) ҳареи ҳаицәажәон, апроект ҟасҵар сҭахуп идуны, аџьармыкьа ааигәа игылоу, уаҩы имыхәо адәқьанқәа ықәганы, иаҳа иԥшӡоу ҳаргыларц. Уи азы аԥара аҭахуп, иԥхьаӡаны, ҳаԥхьаҟа иааиуа ашықәс азы абри аус хҳаркәшап ҳәа сгәы иаанагоит. Уажәы аџьармыкьа шыҟоу ала аусура залыршахаӡом", - иҳәеит Дочиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: