"Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа иаҵанакуа ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи еизакны 32 ыҟоуп. Ахәыҷбаҳчақәа 13 рҟны 31 гәыԥ ыҟоуп. Урҭ иахьатәи аҭагылазаашьа ҳасаб азуны ашәага-загақәа рыла жәеиза-жәохәҩык агәыԥ аҿы иҳашьҭуазар, 1700–ҩык иреиҳамзароуп. Ақалақь аҵара усбарҭахь иаҵанакуа ахәыҷбаҳчақәа разымхара иахҟьаны, агәыԥқәа рҟны ахәыҷқәа ахьырацәоу ҳамоуп. Иҟоуп арзаҳалқәа (ахәыҷқәа рыдкыларазы - аред.) аус ахьҳзымӡбаз. 13 хәыҷбаҳча рҟны иахьазы ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ыҟоуп.
Иахьа ақалақь аҵараусбарҭаҟны 8 нызқьи 579-ҩык ахәыҷқәа ҳамоуп ашколқәа рахь инеиуа. Урҭ рахьынтә 858–ҩык актәи аклассқәа рҟны. Ари ачымазара ҿкы иахҟьаны иҟоуп ашколқәа анорма иақәшәо. Аԥсны асанитартә епидемиологиатә маҵзура ақәҵара иҟанаҵаз ала иҟоуп ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи ашәага-загақәа иахьрықәымшәо", - лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Афбатәи ашкол акарантин ахь: аҟәатәи ашколқәа аҵарашықәс рыҽшазыҟарҵаз
Аҵарашықәс ҿыц ҳабанӡазыхиоу: аҵара аминистр Аҟәа аилацәажәара мҩаԥигеит