Аҵарашықәс ҿыц ҳабанӡазыхиоу: аҵара аминистр Аҟәа аилацәажәара мҩаԥигеит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Совещание министра просвещения
Совещание министра просвещения  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиа Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳаи ашколқәа рдиректорцәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәараҿы итема хаданы иҟан асанитар-епидемиологиатә маҵзура абжьгарақәа  ралыршара азҵаара.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Асанитартә-епидемилогиатә маҵзура абжьгарақәа

Аԥсны асанитар-епидемиологиатә маҵзура Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистррахь ареспублика ашколқәа рҟны акоронавирус алаҵәара алызмыршаша абжьгарақәа нанашьҭит.

Аԥсны Асанепидемстанциа аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы абжьгарақәа ҟанаҵеит>>

АЕМ абжьгарақәа шымҩаԥгатәу

Аилацәажәара ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицон. Ирылацәажәан абжьгарақәа рыхәҭак рынагӡараан уадаҩрақәас иҟалар зылшои урҭ риааишьас ҳәа мҩаны ирбои.

"Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик иаҳзаалышьҭит ареспублика ашколқәа рҟны аҵаратә процесс иалагаанӡа уснагӡатәны имҩаԥгатәу", - ҳәа иҳәеит аминистр Инал Габлиа.

Аилацәажәара хыртлан ашколқәа рҿы классцыԥхьаӡа 18-20-ҩык иреиҳамкәа рыҟазаара азҵаарала. Аҳҭнықалақь ашколқәа рҿы аклассқәа ҭәуп избанзар, аҵаҩцәа реиҳараҩык иахьынхо аҭыԥқәа рыҿтәи ашколқәа рҿы акәӡам аҵара ахьырҵо.

Первое сентября во 2-ой школе. - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа рҵара цәыббра 1 азы иалагар ҟалоит

Инал Габлиа иҳәеит Аҟәа Араион ҿыц аҿы инхо уатәи ашколқәа рҿы аҵара рҵалароуп, Гәылрыԥшь араион иаҵанакуагьы аҳҭнықалақь ашкол аҿы акәымкәа аҭыԥ аҿы аҵара рҵалароуп ҳәа.

Аилацәажәара иалахәын ашколқәа №1, №2, №3, №4, №10 рдиректорцәа.

Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа иазгәалҭеит аклассқәа рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра шалшо асменақәа ирыцҵаны.

Асменақәа реизырҳара акәзар, афинанстә ҟазшьала ауадаҩрақәа ацуп. Аҳәынҭқарра уи иаҵагылозар, аус аиҿкаара алшоит ҳәа лҳәеит лара.
Сынтәа Аҟәатәи ашколқәа рахь инеиуеит 1200-ҩык аҵаҩцәа.

Асҭанда Ҭаркьылԥҳа иазгәалҭеит иара убасгьы аҵаҩцәа рырацәара зыхҟьо аҭаацәа аҵаразы еиҳа алшара змоу ашколқәа рахь рхәыҷқәа ахьнарго азы шакәу.

"Егьырҭ ашколқәагьы ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәазар Аҟәа уиаҟара аҵаҩцәа рацәахомызт. Иаҳҳәап Гәылрыԥшьынтәи афбатәи ашкол ахь аҵаразы иаауеит 540-ҩык ахәыҷқәа. Ашкол аҿы зынӡа аҵара рҵоит 732-ҩык", - лҳәоит лара.

Аҵара аминистр иҳәеит аҭыԥ аҿы аҵараҵаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп ҳәа.

Асҭанда Ҭаркьылԥҳа илҳәеит аҳҭнықалақь ашколқәа рҵаҩцәа рҟынтәи, астатистикатә дыррақәа рыла, 20% ара ишнымхо. Инал Габлиа дазҵааит 20% рраионқәа рҿы иаанхар апроблема ӡыбхома ҳәа.

"Араионқәа рахь рышьҭразы аҭагылазаашьақәа рзаԥҵатәуп. Жәамш рыҩныҵҟа аклассқәа еиҿкааны ахәыҷқәа ҳзынашьҭуама? Аматериал-техникатә база аԥҵахар алшарақәа ҳауеит", - ҳәа лҳәеит Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.

Аҵара аминистр Гагра араион иаҭаара - Sputnik Аҧсны
Инал Габлиа Гагратәи аҵара-ааӡаратә обиектқәа рзы: иҟаҵоу маҷым, аха ирыгугьы рацәоуп

Аминистр иазгәеиҭеит ихадароу ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчароуп ҳәа. Ашколқәа рдиректорцәа иреиҳәеит аҭаацәеи дареи еилацәажәарц, апроблема еилкааны иазнеирц.

"Агәабзиара азҵаара аԥхьа игылазар шакәу еилаҳкаароуп. Ҩ-мҩакы ҳаманы избоит. Актәи -  асменақәа реиҿкаара. Уи азы аԥаразоужьра аҭахуп. Аҩбатәи -  ахәыҷқәа аҭыԥ аҿы аҵарахьы риагара. Уи еиҳа иалшоны избоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Адиректорцәа ргәаанагарақәа

Аҟәатәи абжьаратә школ №10 адиректор Аида Кәарҷелиаԥҳа илҳәеит аклассқәа зҭәу Аҟәа аԥсуа школқәа ахьазымхо азы шакәу.

"Аҳҭнықалақь аҿы аҽа аԥсыуа школк ргылахар ажәабатәии аԥшьбатәии ашколқәа рҟны аҵаҩцәа еиҳа еиҵахон. Ҳара иҳалшо ҟаҳҵоит ахыԥхьаӡара аиҵатәразы. Сынтәа ашкол ахь иҳадаҳкылоит ԥшь-класск. Аҩбатәи асменазы арҵаҩцәа аԥара рзыршәозар аус аиҿкаара ауеит", - ҳәа лҳәоит лара.

Аҟәатәи абжьаратә школ №2 адиректор Ирина Повирскер иазгәалҭеит аклассқәа рҿы аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара 40 ишеиҳау.

"Аклассқәа ԥшьба ҳамоуп зхыԥхьаӡара 37-ҩык иреиҳау. Иреиҵоу аклассқәа рҿы 25-26-ҩык аҵаҩцәа аҵара рҵоит. Иааидкыланы ашкол аҿы 43 класс ыҟоуп актәиқәа аламҵакәа", - ҳәа лҳәоит лара.

Аҭыԥ аҿала аҵараҵара аганахьала лара иазгәалҭеит аҭаацәа ииашам ашәҟәқәа рнагара ишалаго.

Аҟәатәи абжьаратә школ №1 адиректор Нонна Делԥҳа иазгәалҭеит асеиԥш аиԥылара уаанӡа ишымҩаԥгатәыз, аамҭа маҷк ала апроблема аӡбра шыуадаҩу.

"Иахьазы 810-ҩык аҵаҩцәа ҳамоуп, бжьаратәла класск аҿы 27-ҩык тәоуп, иҟоуп  34-ҵаҩы ахьҳамоугьы. Сынтәа ҩ-класск ауҳашьҭит, аиҳабыратә классқәа рахь х-класск ииаагеит, 33-34 ҵаҩы ахьтәоу", - ҳәа лҳәеит адиректор.

Арҵаҩцәа рзы ақәратә ценз

АЕМ иҟанаҵо абжьагара апунктқәа руак аҿы иаҳәоит ргәабзиаратә шәарҭара инадҳәаланы арҵаҩцәа рықәра 65-шықәса рҟынӡала иԥкызароуп ҳәа.

Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Жьиԥҳа ахәыҷбаҳчақәа русуразы: асанитартә маҵзурақәа рызԥхьанҵа анагӡара уадаҩуп

Инал Габлиа иҳәеит асеиԥш аӡбра задкылаз арҵаҩцәа ргәабзиара ахьчаразоуп ҳәа.

"Зықәра неихьоу рхы гәарҭалароуп, асабардақәа ныҟәыргалароуп аԥышәа змоу арҵаҩы иԥсахра алымшозар. Егьырҭ араионқәа рҿгьы аҭагылазаашьа ҭҵаатәуп. Аҩны иаанхар ззауа аҩны иаанхартә аҭагылазаашьа рзаԥҵатәуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Инал Габлиа аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит иоптималтәу авариантқәа шыԥшаатәу. Аҭаацәа рахь еиҭах аҳәара ҟаиҵеит рхәыҷқәа ҭыԥла иахьынхо иҟоу ашколқәа рахь ииаргарц, ишәарҭоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа алмыршаразы.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара хәажәкыра 18 рзы ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәа, ашколқәа, аҵараиурҭақәа, аспорттә секциақәа  русура ааннакылеит авирус аламырҵәаразы. Аԥсшьарамшқәа хәажәкыра 30 рҟынӡа инахан, аха уи ашьҭахьгьы аҵаратә процесс аиҭахацыркра залмыршахеит.

Ԥхынгәы 1 инаркны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперштаб азин ҟанаҵеит ашколқәранӡатәи аусҳәарҭақәа русура алагаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0