Алҩа, амца, атҟәацрақәа: Аладатәи арратә округ аруаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аруаа рморал-психологиатә ҭагылазаашьа агәаҭаразы атактиукатә ҽазыҟаҵара-ҵарақәа рымҩаԥгара аамҭа-аамҭала имҩаԥыслоит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik. Зқьи хәышәҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа аԥынгала ԥсихологиатә цәаҳәаҿы астресс раиааира мҩаԥыргеит, абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Урыстәыла ААО аруааи аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган амшын иаԥну аполигон Нагвалоу аҿы. Аԥсихологиатә цәаҳәа ахысраан, аруаа еиуеиԥшым анормативқәеи, иуадаҩу аҭагылазаашьақәеи раан иаԥҵаз 20 рҟынӡа ԥынгыла (ахыцаандақәа, адгьылаҵатә хәыҵсырҭақәа, аҭӡы хыжәжәарақәа у.у.е.) ирхысит.

"Цәаҳәақәак рҿы аруаа "изакәаным абандиттә еиҿкаарақәа" ирҿаҳаит. Иара убасгьы акәылӡтәи транспартиорқәа изҭаиаз аҭабиақәа ирықәсуан, дара урҭ агранатала иҭадырхар акәын", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аруаа аԥкырақәа ириааиуан иааҟәымҵӡакәа имҩаԥысуаз ахысрақәа, арҭҟәацрақәа, аӡытә ԥынгылақәа , амцакрақәа  рыҟазаараан.