Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны ашколқәа иукьымсуа ашоурашәагақәа рыла еиқәыршәазарц

Иахьазы Аԥсны хаз игоу классқәак рҿоуп акоронавирус иахырҟьаны акарантин ахьрылаҳәоу. Ҵараиурҭак аркны иҟам.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит цәыббра 25 рҟынӡа Аԥсны ашколқәа зегьы кьысрада ашоура зшәо атермометрқәа рыла еиқәыршәазарц ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Аҵара аминистрра: COVID-19 иахырҟьаны ашколқәа раркра макьана иаҭахны иҟам

Абри аҩыза анапынҵа рыҭоуп Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи Афинансқәа рминистр Владимир Делбеи.

"Анапынҵа шынагӡоу гәаҭахоит цәыббра 25 анахыс", - иҳәеит ахада.

Уаанӡа аҵара аминистр Инал Габлиа аҳәамҭа ҟаиҵахьан аҵаратә процесс акоронавирус азы иаанукылартә иҟам, аха аҭагылазаашьа иашьклаԥшлатәуп, Асанитартә-епидемиологиатә маҵзура абжьгарақәа ирықәныҟәалатәуп ҳәа.

Иахьазы Аԥсны акоронавирус зыдбалоу рхыԥхьаӡара 756-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи 198-ҩык апациентцәа ргәабзиара шьақәгылахьеит, быжьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: