Аҵара аминистрра: COVID-19 иахырҟьаны ашколқәа раркра макьана иаҭахны иҟам

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДистанционное обучение школьников в Краснодарском крае
Дистанционное обучение школьников в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашколқәа рҿы аҵаратә процесс иалагеит ишахәҭаз еиԥш – цәыббра 1 азы, аха акоронавирус иахырҟьаны аурокқәа арежим ҷыдала имҩаԥысуеит.

АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа иазиԥхьаӡоит иахьазы аҵаратә процесс аанкылара ахәҭаны иҟам ҳәа. Абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит иара Аслан Бжьаниа дызлахәыз акоординациатә штаб аилатәараҿы.

Дистанционное обучение школьников - Sputnik Аҧсны
Аҟәа аҵара Аусбарҭа: 180-ҩык ашколхәыҷқәа аҽԥхьакратә режим рымоуп

"Макьаназ аҵаратә процесс ҳзаанкылом, Асанитартә-епидемиологиатә маҵзура абжьгарақәа мҩаԥаагалароуп. Уаанӡа ишысҳәахьаз еиԥш, ашәарҭара иҭагылоу арҵаҩцәа зыԥсахша ҳаԥшаауеит. Уи апроблема аӡбуеит. Убри аан аӡәгьы издырам уаҵәы, уаҵәашьҭахь иҟало", - иҳәеит иара.

Ада ԥсыхәа ҟамлар адистанциатә ҵарахьы ииастәуп, уи иацу атехникатә проблемагьы ӡыбтәуп ҳәа иҳәеит Габлиа.

"Анапхгара рахь аҳәара ҟасҵоит арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи планшетла еиқәыршәазарц. Убри аан ирацәаҩуп арҵаҩцәа апланшет зхы иззамырхәо. Урҭ дырҵара ҳхахьы иаагоит. Асеиԥш аҿырԥштәқәа уаанӡагьы иҟан, иаҳҳәап ашкол "Алашара" аҿы абри аметод ала апрограмма иахысуан, ақәҿиарақәагьы ыҟан. Акарантин ахь ҳамцар ада ԥсыхәа анаму абри аҿы ҳкылсроуп", - иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа иҳәеит ашколқәа зегьы рҿы асанитартә-епидемиологиатә нормақәа ишрықәныҟәалатәу. Иара дазҵааит ашоурашәагақәеи арзҩыдагақәеи азхо иазымхо ҳәа.

Карантин в школах - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа жәаҩык COVID-19 рыдбалоуп

"Агәабзиарахьчара аминистррахь аҳәара ҟаҳҵахьеит, аха макьаназы ишахәҭоу ҳаиқәыршәам. Агуманитартә еиҿкаарақәа ацхыраара ҳарҭараны иҟоуп", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аиҳабыра рахь иахәҭаны иҟоу реиқәыԥхьаӡа нарышьҭырц, ашколқәа иахәҭоу ацхыраара рыҭаразы.

"Шәара аматериал азшәырхиа, ашколқәа рҟынтә аинформациа еидышәкыл. Аҳәынҭқарра уи инақәыршәаны иахәҭоу аусқәа мҩаԥнагоит. Сгәы иаанагоит азҵаара ҳаӡбап ҳәа", - иҳәеит ахада.

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа 726 коронавирустә хҭыс аҭыԥ рымоуп. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп 66-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтәи 63-ҩык COVID-19 шрымоу шьақәырӷәӷәоуп. Ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп, зеижәҩык – бжьаратәуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0