Аԥсны COVID-19 аҟынтә Урыстәылатәи алаҵа аахәаразы аҳәара ҟанаҵеит

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аԥсны Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аахәаразы аҳәара ҟанаҵеит. Азыҳәа аҭҵаара мҩаԥнагоит аурыс ган ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Аҳақьым акоронавирус азы алаҵа ианымаало ачымазарақәа рыӡбахә иҳәеит

Аминистрраҿы иазгәарҭеит 15 - 20 нызқь доза иҟоу апартиа ишазыԥшу.

Аԥсны ауааԥсыра рзы алаҵа хәыда-ԥсадахоит, аимҳәазы алаҵа еиԥш, изҭаху иҟаиҵоит.

"Спутник V" Агәабзиарахьчара аминистрра ахарџь ала иаахәахоит.

РФПИ аиҳабы Кирилл Дмитриев адырра ҟаиҵахьан афонд ахь 20 тәыла рҟынтә азыҳәақәа шроуз урыстәылатәи ахәшә адозақәа миллиардк раиуразы. Убри аан иара иазгәеиҭеит Урыстәылеи азыҳәа ҟазҵаз рахьтә хә-тәылаки дара рҵакырадгьыл аҟны алаҵа аҭыжьразы ишеиқәшаҳаҭхаз. Дмитриев иажәақәа рыла, иахьазы ирымоу амчқәа алшара ҟарҵоит шықәсык ала 500 миллион доза аҭыжьра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: