Аҟәа ақалақь ахадараҿ акарантин алагалоуп

Беслан Ешба цәыббра 22 рзы инапы аҵаиҩит аусдҵа: "Аҟәа ақалақь ахадараҿы акоронавирустә инфекциа (COVID-19) алаҵәара азыԥхьагәаҭареи аԥырҟәҟәаареи рзы ауснагӡатәқәа рзы".
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 23– Sputnik. Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба адҵа ҟаиҵеит ақалақь ахадара аусзуҩцәа русурҭа ҭыԥқәа рҟны рыҟазаара аҟынтәи рхы иақәиҭтәызарц цәыббра 22 инаркны жьҭаара 5 рҟынӡа руалафахәы ааныжьны. Ари аҩыза аусдҵа рыдкылоуп аусбарҭаҿ COVID-19 змаз ахьазгәаҭаз азы ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

"Ақалақь ахадара аусура арежим иадҳәалоу аԥкырақәа ирыҵаркуам ахадара амаҵзурауааи иара убасгьы аструктуратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа ишьақәдыргыло аграфик иаҵанакуа аструктуратә ҟәшақәа рҟазауааи", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ахадараҿы ауаа рыдкылара жьҭаара 5 рҟынӡа иаанкылоуп.

Уаанӡатәи адырраҭарақәа рыла, Аԥсны АҶА аусурақәа рымҩаԥгараан ақалақь ахадара аусзуҩцәа аднаԥхьалоит ада ԥсыхәа ыҟамкәа ианазыԥхьаӡоу. АҶА апресс-маҵзураҿы Sputnik иазеиҭарҳәеит аусбарҭа амаҵзурақәак адистанциатә усурахь ииасуеит ҳәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>