АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзураҿы ииашам ҳәа ахырҳәааит Аԥсны ашколқәа зегьы рҟны цәыббра 25 инаркны жьҭаара 16 рҟынӡа акарантин аларгалоит ҳәа уаанӡа АИХқәа рҟны ицәырҵыз аинформациа.
"Аминистрцәа Реилазаара акәым, Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб акәым ашколқәа рҟны аҵаратә процесс аанкыларазы азҵаара иалацәажәомызт, аӡбамҭа ҳәагьы акгьы рыдрымкылацт", - ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.
Акоординациатәи аоперативтәи штабқәа иааиԥмырҟьаӡакәа ичмазаҩхази згәы бзиахази ауаа ирыцклаԥшуеит, иара убасгьы аҵара аусҳәарҭақәа рҟны ачымазара зыхьыз рхыԥхьаӡара гәарҭоит ҳәа аарыцҳаит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзураҿы.
"Аиҳабыреи акоординациатә штаби ирыдыркыло аофициалтә ӡбамҭақәа зегьы Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит аҟны иҟалоит", - ҳәа азгәарҭеит апресс-маҵзураҿы.
Уаанӡа цәыббра 25 ахәылбыҽха Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик адырра ҟалҵеит атәыла ашколқәа зегьы рҟны жьҭаара 16 рҟынӡа акарантин алагалахоит ҳәа.
Скорик ишылҳәаз ала, ари аҩыза аӡбамҭа атәыла аиҳабыра иаднакылеит Агәабзиарахьчара аминистрреи Асанитартә епидемиологиатә маҵзуреи иҟарҵаз абжьгарақәа инрықәыршәаны.