Аԥсны ашколқәа рҟны акарантин рылаҳәоуп

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса
В школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра акоронавирус алаҵәареи аҽарҭбаара иахьалагази инамаданы ашколқәа зегьы рҟны акарантин рылаҳәоуп жьҭаара 16, 2020 шықәса рҟынӡа.

АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik. Аԥсны ашколқәа зегьы рҟны цәыббра 25 инаркны акарантин рылаҳәоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа рыла, ари аҩыза аӡбамҭа Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит Агәабзиарахьчара аминистрреи Асанитартә епидемиологиатә станциеи иҟарҵаз абжьгара инамаданы.

Карантин в школах - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашкол адыркит акоронавирус злаз арҵаҩы лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы COVID-19 амҽхак арҭбаауа иалагеит, уи мзызс иаиуит аҿкы цәыббра 1, 2020 шықәса инаркны аиҿкааратә коллективқәа ирҭаауа иалагаз ахәычқәа рыбжьара иалаҵәо иахьалагаз. Арҵаҩратә коллективқәа уи иазыҟаҵамызт, аҳәынҭқарратә санитартә маҵзура иҟанаҵаз абжьгарақәа аԥхынтәи аамҭазы иахьрықәымныҟәаз, хырҩа ахьрырҭаз. Раԥхьа арҵаҩцәа чмазаҩхо иалагеит. Убри аҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра Агәабзиарахьчара аминистрреи Асанитартә-епидемиологиатә маҵзуреи иҟарҵаз абжьгарақәа инарықәыршәаны ирыӡбеит иахьа инаркны Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы акарантин рыларҳәарц", - ҳәа азгәалҭеит Скорик.

Лара еиҭалҳәеит акарантин алагарала атәыла аиҳабыра ишырҭаху иахьынӡауа идырмаҷырц ачымазара зызшәарҭоу ахаҿқәеи иара зыдбалоу ауааи реигәныҩрақәа.

Аԥсны ашколқәа зегьы рҟны акарантин рылаҳәоуп 2020 шықәса жьҭаара 16 рҟынӡа.

Скорик иазгәалҭеит ашколқәа русзуҩцәа зегьы аҽыԥхьакра иқәныҟәаларц шрабжьагоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0