Апарад ада: Аиааира Амш азтәи ауснагӡатәқәа рпрограмма ркьаҿуп

Цәыббра 24 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа Аиааира Амш 27 шықәса ахыҵразы амассатә уснагӡатәқәа мҩаԥымгазарц азы Аслан Бжьаниа иахь аҳәара ахьыҟарҵо ақәҵара рыдыркылеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа иахьыцәгьахо инадҳәаланы Аҟәа ақалақь Ахақәиҭтәра Амши (цәыббра 27) Аиааира Амши (цәыббра 30) рзы иазԥхьагәаҭаз ауснагӡатәқәа рплан еиҭакуп ҳәа Sputnik адырра арҭеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзураҿы.

Адепутатцәа атәыла ахада иҳәеит Аиааира Амш азы амассатә уснагӡатәқәа мҩаԥымгазарц

Аҟәа ахақәиҭтәра амш аҽны, цәыббра 27 рзы имҩаԥгахоит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара асааҭ 10:00 рзы.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш азы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит асааҭ 10:00 рзы.

Асааҭ  12:15 рзы Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, асааҭ 13:00 рзы – Аԥсны Аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭа иаҭаауеит.

Асааҭ 18:00 рзы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи арҿиаратә коллективқәеи рконцерт мҩаԥысуеит.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" шымҩаԥымгахо атәы.