Аԥсны ахада ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аӡбара шьаҭас иаҭаны аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Уаҟа иазгәаҭоуп жьҭаара 5 инаркны ауаажәларратә крыфарачаратә обиектқәа хымԥада аишәақәа рыбжьара метраки бжаки еиҵамкәа адистанциа рыбжьазароуп, амаҵзуратә персонал ахыхьчагатә хархәагақәа ныҟәыргозароуп ҳәа.
"Ас еиԥш иҟоу аԥҟара анрыдыркыла, иҟаҳҵари, ҳхы ақәҳаршәароуп… Уи усҟангьы иҟаҳҵеит (мшаԥымзазы иалагалаз аԥкрақәа раан – аред.), уажәгьы ауаа рсоциалтә дистанциа ҟаҳҵартә еиԥш аамҭа ҳамоуп, акрахьырфо азал дууп", - иҳәеит Ԥлиа.
Убри аан иара иазгәеиҭеит ауадаҩрақәа цәырҵыр шауа аус ахьыруа ашколқәа рыкрыфарҭақәа рҟны.
Анаплакҩы иазгәеиҭеит апандемиа русура акыр ишаныԥшыз, аха иагьа ус акәзаргьы иусуцәа уалафахәыда ишаанимыжьуа.
"Сҭаацәа ирыгыжьны аԥара сшәозаргьы, сусуцәа нхартә еиԥш, аус руртә еиԥш схы ныҟәазгароуп. Аԥхын иҳадаҳкыло, нас аӡын аусура иамҳхо ҳәа асистема ыҟаӡам ҳа ҳҿы. Сара даара зегьы срықәгәыӷуеит (инапаҵаҟа аус зуа рзы), убри аҟынтә сыҩнапык рыларԥаны ишыску жәдыруазааит",- иҳәеит Ԥлиа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Дамениа: Аԥсназы ишәарҭоу, изызхәыцым, аԥеиԥш змам аекономика амҩала ҳаауеит
Кәыбраа аҿкы аекономика ианаҭо анырразы: мызкала еилгар, ҳаиааиуеит