Аслан Бжьаниа Аԥсны ауааԥсыра Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәын 1993 шықәса, цәыббра 27 рзы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иуаажәлар ирыдиныҳәалеит Аҟәа ахақәиҭтәра амш ҳәа адырра ҟанаҵеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа ахақәиҭтәра амш: ихадараз ажәыларақәа

"Ишәдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь ахақәиҭтәра 27 шықәса ахыҵра! 1993 шықәса, цәыббра 27 – Аԥсны Аџьынџтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны хьӡи-ԥшеи змоу, ифырхаҵаратәу амшқәа иреиуоуп. Абри аҽны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ықәцаны Аҟәа ахақәиҭтәрала ихыркәшахеит 11 мшы ицоз аԥсуаа ржәылара. Ҳаҳҭнықалақь иахашәыршәырит аԥсуа бираҟ, ҳархәҭақәа рымҩа ԥхьаҟа иацырҵеит Аԥсны аҵакыра зегьы ахы иақәиҭыртәырц", - ҳәа аҳәоит атәыла ахада иадныҳәалараҿы

Аслан Бжьаниа Аҟәа аизҳареи ашәҭыкакаҷреи азеиӷьишьеит.

1993 шықәса, цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ Совмин ахыбра иахашәыршәыруан, аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: