Аҟәа ахақәиҭтәра амш: ихадараз ажәыларақәа

© Фото : предоставлено Госмузеем АбхазииДень освобождения Сухума 27 сентября 1993 года
День освобождения Сухума 27 сентября 1993 года - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1993 шықәса, цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ Совмин ахыбра иахашәыршәыруан, аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.

АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аҟәа ахақәиҭтәразы аԥсуа ар имҩаԥыргаз аоперациа хацыркхеит 1993 шықәса цәыббра 16 рзы, амза 27 рзы ақалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәын.

Цәыббра 16 рзы иалагеит Аҟәа ахақәиҭтәразы ихадараз ажәылара. Уи мҩаԥысуан абарҭ ахырхарҭақәа рҟынтә: Ачадарантәи, Аҩадахьала, нас Алашарбага аҳаблаҟынтә.

Саид Квициния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыҵниа: Аҟәа ахақәиҭтәра ажәабжь еиԥш ахаан акы самеигәырӷьац

Ажәылара иалахәын амотохысратә бригадақәа ҩба, актәи агәыԥ ишиашоу Гәымсҭа аӡиас ала иааиуан, аплацдарм нкыланы.

Цәыббрамзатәи аоперациа иалахәын иара убас хә-баталионк злахәыз аҩбатәи абригада архәҭа, баталионцыԥхьаӡа 300-ҩык алан, насгьы Гагратәи агарнизон аҟынтә ҩ-баталионк.

Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иалахәын арезервтә полкгьы, абасала гәымсҭатәи ахырхарҭала иааидкыланы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аибашьцәа рҽеизыргеит.  

Цәыббра 16, асааҭ 13:00 рзы аԥсуа еибашьцәа ҵаҟатәи Гәымсҭатәи ацҳала аӡиас ирит, иара уи аамҭазы ашьхала Аҟәа алаларазы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан.

Цәыббра 17 рзы аԥсуа ар ақалақь агәахьы узгоз, астратегиатә ҵакы змаз амҩақәа рахь икылсит, иагьыркит. Ашьхала ақалақь иалалоз архәҭақәа ржәылара еиҳа-еиҳа идырҿион, урҭ рыхәҭак актәи афланг иатәыз аибашьцәа ирыцлеит. Аԥсуаа рнапаҿы иааргеит аҳаракырақәа – Шрома, Каман, Цугуровка, Ахалшени уҳәа егьырҭгьы.

Цәыббра 19 рзы Ачадара иҟаз, аӷа дахьтәаз уаанӡатәи аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк аштаб ахыбра ааныркылеит.

Руслан Зардания - Sputnik Аҧсны
Арадио
Афырхацәа рымҩала: Зарданиа Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иазкны

Цәыббра 20-21 рзы Аԥсуа ар аганқәа зегь рыла Аҟәа иакәшеит, амацәаз иҭаркит. Ажәылара қәҿиарала ицон. Мрагыларатәи афронт аибашьцәа Кәыдры аӡиас аҟынӡа иааит, аӷа иҽызлаирӷәӷәашаз амчқәа злааиуаз аҳаирбаӷәазагьы иалахысуан.

Цәыббра 22 рзы ақырҭқәа мшынла ацхыраара роурц рҽазыршәеит, аха аԥсуаа уи аҩыза алшара рырымҭеит. Абасала аӷа бџьарлоума, уаалоума имчқәа еизирҳартә дзыҟамлеит.

Цәыббра 24 рзы аԥсуа аруаа ақалақь аҿы аплацдарм ҿыцқәа ааныркылеит, аӷа дхьаҵуан, ацәыӡ дуқәа иманы, амҩан анхарҭақәа зегьы еилаԥыххаауа.

Цәыббра 25 рзы Аԥсны абираҟ аихамҩатә вокзал ахыбра иахашәыршәыруан, ахы иақәиҭтәын Аҟәатәи ашьхагьы (Самаҭаа рхәы).

1993 шықәса, цәыббра 27 рзы аԥсуа еибашьцәа ақалақь агәы иалалеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ Совмин ахыбра иахашәыршәыруан, аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.

Аҟәа ахақәиҭтәратә операциа напхгара арҭон атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Султан Сосналиеви Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабы, аинрал-маиор Сергеи Дбари.

Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахақәиҭтәразы 12 мшы имҩаԥысуаз ажәыларатә операциа иалагӡаны жәаҩа нызқьҩык зхыԥхьаӡара наӡоз, бџьарлеи кәылӡтәы техникалеи ӷәӷәала еибыҭаз аӷа ҳаииааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0