Аҭара ақыҭан иаадыртит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа

Цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 27 шықәса ахыҵра.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Очамчыра араион Аҭара ақыҭан имҩаԥган Аԥсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа аартра ацеремониа.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ипресс-маҵзура ишаанацҳаз ала, ахада ихатә ԥараны 220 нызқь мааҭ алеигалеит иҭахаз рбаҟа аиҭашьақәыргыларазы.

Аҭара ақыҭан иаадыртит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа

Ацеремониа атәыла ахада идагьы иалахәын ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, Очамчыра араион ахадара, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, Нхыҵ Кавкази Алада Урыстәылеи рҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ақыҭа ауааԥсыра.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира 27 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа рыхәҭак аԥыхуп аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: