Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит

1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иуаажәлар Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит

Иара иазгәеиҭеит, аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы 1993 шықәса, цәыббра 30 – реиҳа ихадараӡоу арыцхәқәа иреиуоуп ҳәа.

"Аиааирахь ҳназгоз амҩа уадаҩын, иауын. Ҳаԥсадгьыл ахьчара иазгылаз аҵеицәа х-нызқьҩык инареиҳаны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит, хә-нызқьҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит, 200-ҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит. Аветеранцәа аӡәырҩы иахьанӡа изымааит, аибашьраан ироуз аахақәеи урҭ ирыхҟьаз ачымазарақәеи рымшала", - ҳәа аҳәоит ахада исаит аҟны икьыԥхьу адныҳәалара атекст.

Бжьаниа иазгәеиҭеит абри амш Аԥсны ахақәиҭра нагӡа аагара иамшныҳәоуп ҳәа.

"Мышкы ииз мышкы дыԥсуеит…" – аибашьра жәлар рытрадициа ишаныԥшыз

"Ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара аус аҿы есыҽны аиааирақәа ҟалалааит! Аҭынчреи амшхәыбзазареи шәымазааит зегьы ҭаацәала! Нагӡара ақәзааит зхы иақәиҭу Аԥсынра!" – иҳәеит ахада.

Сынтәа акоронавирус апандемиа иахҟьаны Аиааира амш иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа акыр иркьаҿхоит. Итрадициатәу Аиааира апарад аҟәыхуп, убас иаԥыхуп еиҭа акык-ҩбак аусмҩаԥгатәқәа. Аха Аҟәа, Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы иҭахаз аҵеицәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит, иара убас ашәҭқәа шьҭарҵоит Ешыра, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟеи, Џьгьарда - аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟеи рымҵан.

Ахәылбыҽха асааҭ 18:00 рзы Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы имҩԥысуеит арҿиаратә коллективқәеи аестрада шәаҳәаҩцәеи злахәу аныҳәатә концерт.