"Мышкы ииз мышкы дыԥсуеит…" – аибашьра жәлар рытрадициа ишаныԥшыз

© AP Photo Nikola GalkinВойна в Абхазии
Война в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәа шцәырнагаз еиԥш, ҳмилаҭтә фырхаҵаратә ашәақәагьы арҿыхеит. Иахьа цәыббра 30 – Аиааира аныҳәамш аҽны шәаԥхьарц ишәыдаагалоит аибашьра ҳажәлар рҿаԥыцтә традициа ишаныԥшыз иазку афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

"Мышкы ииз уеизгьы мышкы дыԥсуеит" – абарҭ ажәақәа злоу афырхаҵаратә ашәа зегьы ибзианы еицырдыруеит, уи Аԥсны иақәлаз ақырҭуа агрессорцәа рҿагылараҿы аԥхьацага ашәақәа иреиуаны иҟалеит. Аха зегьы ирыздыруам ари ашәа ахыҵхырҭа. Иара аагоуп традициала аԥсуа фольклор аҟны ишьақәгылахьоу афырхаҵара-ҭоурых ашәа аҟынтәи. Николаи Марр иеизгамҭа "Аԥсуа фольклор аматериалқәа" рҟны уи "Ачерқьез ашәа" ҳәа хыс иамоуп. Иара изкуп Қәаблыхә-иԥа Зафҟара ҳәа хьӡыс измоу афырхаҵа. "Мышкы ииуа мышкы дыԥсуеит, иахьа иԥсуа џьанаҭ иауеит" ҳәа ҳәаны уи дзаԥхьагылаз ар ажәылараз ргәы азҭаиҵон.

Гюрджан Алтан - Sputnik Аҧсны
Алҭан: Кавказ ашьхақәа рдоуҳамч сныруеит аԥсышәала ашәақәа анынасыгӡо

Абас еиԥш ала традициала ишьақәгылахьоу афырхаҵара-ҭоурыхтә ашәақәа ркодқәа хархәара рзухеит аԥсуа-ақырҭуа еибашьра ицәырнагаз афырхаҵаратә ашәақәа рҿы. Араҟа автортә ашәақәа инарываргыланы, жәлар рашәақәагьы аира ҿыц роуит уҳәар ауеит. Фырхаҵара згымыз ажәлар рдырраҿы ҿыцла иҿыхеит афырхаҵаратә мотивқәа злоу ашәақәа, ажәабжьқәа. Иҿыцны абжьы зхалаз иреиуахеит иара убас, Ахәрашәа, Ахрашәа, Ахаҵарашәа уҳәа. Урҭ ҳаамҭазтәи аҭоурых иақәыршәаны еиҭаҿиеит.

Аибашьра авидеонҵамҭақәа рҟны иубоит ажәытәан қәылара ианцоз еиԥш, ԥсыуала ашәа ҳәаны, икәашаны ажәыларахь ишцоз. Ари иаҳнарбеит ажәлар зҭагылоу аекстремалтә ҭагылазаашьа ишцәырнаго рытрадициатә культурагьы. Иҟоуп ажәлар ирылаҵәаз автортә ашәақәа. Урҭ иреиуоуп Тото Аџьапуа, Кәасҭа Ченгьелиа, Анатоли Алҭеиба раԥҵамҭақәа. Урҭ раԥҵамҭақәа рҿы афольклори автортә-лирикатә рҿиареи еилаланы еиццәырҵуан, дара убысҟак ажәлар ирылаҵәон ажәлар иаԥырҵаз, дара иртәхаз акы еиԥш иҟалон. Араҟа афырхаҵаратә мотивқәа ирываргыланы ииуан аиуморгьы, асатирагьы.

Ашәақәа рнаҩсангьы аибашьра агәалашәарақәа аанхеит жәлар рҿаԥыцтә традициаҟны, афотосахьақәа рҿы, аудио-видеонҵамҭақәа рҿы. Урҭ зегьы макьана зеизгара аҭаху, ианҵалатәу роуп. Аҿаԥыцтә гәалашәарақәа рахь иаҵанакуеит дара аибашьцәа реиҭаҳәамҭақәа реиԥш, ҭаацәалатәи аҭоурыхқәагьы. Аибашьра афольклор аҿы еиҳа иуԥыло ажанрқәа иреиуоуп аҿаԥыцтә ажәабжьқәа, аҵәыуарақәа, аԥхыӡқәа, алаф.

Алҭеиба: аибашьраан иакәым ҟазҵоз архәыцып ҳәа алаф ашәақәа аԥысҵон>>

Аԥсуа-ақырҭуа еибашьра аҭоурых ицәырнагеит иара убас ҭаацәалатәи аныҳәарақәа реиԥш (аибашьрахь ицоз изы акәырбан, аҿаҭахьа), ажәлар еидгыланы рныҳәарагьы.

Сыеҵәахә кыдуп: аеҵәақәа ирыдҳәалоу жәлар разгәаҭарақәак - Sputnik Аҧсны
"Сыеҵәахә кыдуп": аеҵәақәа ирыдҳәалоу аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа

Хазы иалкаау аҭыԥ ҷыда ааннакылоит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа ар раԥхьагыла Владислав Арӡынба изку ашәақәеи ажәабжьқәеи. Аҭоурыхтә фырхацәа Ԥшькьаҿ-иԥа Манча, Наԥҳа Кьагәа, Ҳаџьараҭ Кьахьба реиԥш иҟаз ажәлар рыхьчаҩцәа, раԥхьагылаҩцәа аҭоурых-фырхаҵаратә ашәақәеи аҳәамҭақәеи шырзыркыз еиԥш, Владислав Арӡынба изкны жәлар рашәақәеи аҳәамҭақәеи ииуеит. Бжеиҳан уи дидыркылоит Аԥсҳа, иара ихаҿсахьа. Ажәлар раԥхьагыла идунеи аԥсахра акәзар, ажәлар зегьы иргәырҩаны иааԥшит. Уи иԥсҭазаара алҵра аламҭалаз зегьы еицгәарҭан ирҳәон аҽыкәаҳа шырбаз. Жәлар разгәаҭарақәа рыла, аҽыкәаҳа амза иакәыршан ианырбо агәырҩа дук, уаҩ дук иҭахара иазкуп.

Ҿыц ицәырҵқәаз иреиуахеит иҭахаз аибашьцәа ирызку аныҳәаҿагьы. Арҭ зегьы иудырбоит 1992-1993 шықәсқәа аԥсуаа рзы ацәаҳәа ҿыц алыздаз ҭоурыхтә даҟьаны ишыҟалаз, уи ашьҭамҭа ааннажьит амҳаџьырра ашьҭа шыннажьыз еиԥш. Ҳаԥсҭазаара аҽеиҩнашеит аибашьра ҟалаанӡеи аибашьра ашьҭахьтәи аамҭеи ҳәа, "Асду анауз" ҳәа ашықәсԥхьаӡара алкааразы ишырҳәо еиԥш. Ажәакала, аамҭа ицәырнагеит иара афырхацәа, иара ашәақәа, иара ажәақәа. Егьа аамҭа царгьы жәлар рдырра џьаргьы ишымцо, ишмыӡуа убоит, уи ҿыцла аԥсы ахалоит, еиҭеиуеит.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0