АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥснытәи аҳақьымцәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи аҳамҭақәеи ранеишьеит.
Ахада Идҵала акоронавирустә инфекциа COVID-19 аларҵәара алмыршаразы рлагала ду азы, рыпрофессионализм ҳараки хамегӡаралатәи русурази аорден Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ранашьоуп:
- Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба;
- Гәдоуҭа ақалақьтә СЕС аҳақьым хада Инга Чанԥҳа;
- Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр анестезиологиеи ареанимациеи рыҟәша аиҳабы Мадина Дасаниаԥҳа;
- Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы Ангелина Оҭырԥҳа.
Уи адагьы Бжьаниа инапы рыҵеиҩит амедицинатә усзуҩцәа рыхьӡала аҳаҭыртә шәҟәқәа, аԥаратә гәазыҟаҵара риҭеит.
"Аковид-центр аҳақьымцәа, абжьаратәии аиҵбыратәии аперсонал аԥаратә гәазыҟаҵара рыҭоуп Аԥсны иалҵыз шәачатәи анаплакуаа рыцхыраарала", - ҳәа аҳәоит ахада исаит аҿы.
Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи агоспиталь данаҭааз аҳәамҭа ҟаиҵеит аҿкчымазара змоу реиқәырхара иаҿу амедицинатә усзуҩцәа афинанстә џьшьара шрыҭалатәу.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҳақьым Аслан Бжьаниа уахь инеира атәы далацәажәеит
Бжьаниа иҳәеит агоспиталь аҿы аус зуа аҳақьымцәа ашәарацҵақәа шрыҭахо