Бжьаниа COVID-19 иаҿагылоу аҳақьымцәа аԥаратә гәазыҟаҵара риҭеит

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы ацентр аартын Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы мшаԥымзазы.

АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥснытәи аҳақьымцәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи аҳамҭақәеи ранеишьеит.

© Foto / официальный сайт Президента Республики Абхазия Президент Абхазии Аслан Бжания принял сегодня министра здравоохранения Тамаза Цахнакия
Бжьаниа COVID-19 иаҿагылоу аҳақьымцәа аԥаратә гәазыҟаҵара риҭеит - Sputnik Аҧсны
Президент Абхазии Аслан Бжания принял сегодня министра здравоохранения Тамаза Цахнакия

Ахада Идҵала акоронавирустә инфекциа COVID-19 аларҵәара алмыршаразы рлагала ду азы, рыпрофессионализм ҳараки хамегӡаралатәи русурази аорден Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ранашьоуп:

  • Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба;
  • Гәдоуҭа ақалақьтә СЕС аҳақьым хада Инга Чанԥҳа;
  • Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр анестезиологиеи ареанимациеи рыҟәша аиҳабы Мадина Дасаниаԥҳа;
  • Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы Ангелина Оҭырԥҳа.

Уи адагьы Бжьаниа инапы рыҵеиҩит амедицинатә усзуҩцәа рыхьӡала аҳаҭыртә шәҟәқәа, аԥаратә гәазыҟаҵара риҭеит.

"Аковид-центр аҳақьымцәа, абжьаратәии аиҵбыратәии аперсонал аԥаратә гәазыҟаҵара рыҭоуп Аԥсны иалҵыз шәачатәи анаплакуаа рыцхыраарала", - ҳәа аҳәоит ахада исаит аҿы.

Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи агоспиталь данаҭааз аҳәамҭа ҟаиҵеит аҿкчымазара змоу реиқәырхара иаҿу амедицинатә усзуҩцәа афинанстә џьшьара шрыҭалатәу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0