Атәанчаҩцәа рыԥсшьаразы еиӷьыршьо акурортқәа ируакхеит Афон Ҿыц ақалақь

Атуристцәа аԥсшьараан рынхаразы заанаҵтәи аҿаҵарақәа ахьыҟарҵо амаҵзура Tvil.ru. Абыргцәа жәларбжьаратәи рымш азы асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа иразҵааит атәанчараамҭаан еиҳа рыԥсы ршьарц ахьырҭаху азы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Афон Ҿыц аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит атәанчаҩцәа аԥсшьаразы еиҳа иалыркааз акурортқәа рыбжьара. Абри азы аҭҵаарақәа мҩаԥнагеит атуристцәа аԥсшьараан рынхаразы заанаҵтәи аҿаҵарақәа ахьыҟарҵо амаҵзура Tvil.ru.

Аԥсшьаразы иреиӷьу курортны ахьӡ ҳәоуп 24.75% иргәаԥхо Евпаториа. Аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит Афон Ҿыц, иара алыркааит 21.78%, ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит Кисловодск - 13.86%.

Атәанчаҩцәа еиҳа бзиа ирбо акурортқәа рсиа:

  • Евпаториа, 24.75%
  • Афон Ҿыц, 21.78%
  • Кисловодск, 13.86%
  • Феодосиа, 10.89%
  • Анапа, 8.91%
  • Санкт-Петербург, 6.93%
  • Светлогорск, 5.94%
  • Ессентуки, 4.95%
  • Џьубга, 0.99%
  • Тҟәаԥс, 0.99%

Уаанӡа амаҵзура Tvil.ru ишьақәнаргылеит Аԥсны аҩныҵҟа атуристцәа иалыркаауа акурортқәа рреитинг. Арахь иаҵаркын Аҟәа, Афон Ҿыц, Алаҳаӡы, Гәдоуҭа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: