Арадио

Возба еиҭеиҳәеит Лыхны имҩаԥыргало аҽаҩраныҳәа сынтәа иаԥеиԥшхо атәы

Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Возба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит традициала Лыхнашҭа еиҿыркаауа аҽаҩраныҳәа сынтәа апандемиа аамҭазы иаԥеиԥшхо атәы.
Sputnik
Возба еиҭеиҳәеит Лыхны имҩаԥыргало аҽаҩраныҳәа сынтәа иаԥеиԥшхо атәы

"Аиашазы, ари ҳраион аҟны имҩаԥааго иаарылукааша ныҳәоуп, аха сынтәа иҟоу ачымазара ҿкы иацу ашәара ҳазхәыцны, ақыҭақәа рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥаагеит. Сынтәа аныҳәа амҩаԥгара мап ацәаҳкит", - иҳәеит Возба.

Иара иазгәеиҭеит ас еиԥш аӡбамҭа анрыдыркылоз Очамчыра ахадарагьы рыҽшрымардаз, урҭгьы сынтәа Мықә ашҭаҟны аныҳәа амҩаԥгара мап шацәыркуа рҳәеит, ачымазара ҿкы аганахьала иҟоу ашәарҭара ҳасаб азуны.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: