Аԥсны акоронавирус иахырҟьаны аԥкрақәа жьҭаара 5 инаркны иалагалахоит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосквичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19
Москвичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аӡбара шьаҭас иаҭаны аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. Аслан Бжьаниа иҭижьыз аусԥҟа инақәыршәаны "Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра ргәабзиара акоронавирустә инфекциа COVID-19 ацәыхьчаразы хаз игоу уснагӡатәқәак рышьақәыргыларазы". Аԥкрақәа азинмчы роуеит жьҭаара 5 инаркны ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Аусдҵа инақәыршәаны 2020 шықәса жьҭаара 5 инаркны Аԥсны аҵакыраҿы:

  • Массала аспорттә, агәмырҿыӷьратә, ацәыргақәҵатә уснагӡатәқәа ахыбрақәа рыҩнуҵҟа рымҩаԥгара алмыршахароуп. Арахь иаҵаркым акультуратә усҳәарҭақәа. Урҭ ируалԥшьоуп русзуҩцәа хаҭалатәи ахыхьчагақәа ныҟәыргартә аиҿкаара, ауснагӡатәқәа рҭааҩцәа рыбжьара аҭыԥ ҭацәқәа рааныжьра, есыҽны арзҩыдара амҩаԥгара.
  • Иара убасгьы ачарақәеи егьырҭ аныҳәатә уснагӡатәқәеи аанкылатәхоит. Аԥсыжрақәа рҿы акәзар, ауаа рмаҷра азԥхьагәаҭатәуп.
  • Ауаажәларратә крыфарачаратә обиектқәа хымԥада аишәақәа рыбжьара метраки бжаки еиҵамкәа адистанциа аздырхиароуп, амаҵзуратә персонал ахыхьчагатә хархәагақәа ныҟәыргозароуп.
  • Афатә аалыҵи, ақыҭанхамҩатәи, ацәамаҭәатәи џьармыкьақәа рхадарақәа рнапы ианҵатәуп есыҽны апрофилактикатә рзҩыдара мҩаԥыргаларц, рҵакырақәагьы налаҵаны. Аҭиҩцәа ракәзаргьы ахыхьчага хархәагақәа рымазароуп.
  • Аҭыԥантәи ахадарақәа есыҽны ауаажәларратә транспорт аҿы апрофилактикатә рзҩыдара амҩаԥгара, арныҟәцаҩцәа ахалахыхьчагақәа рныҟәгара аиҿкаара рнапы ианҵоуп.

Уи адагьы Агәабзиарахьчара аминистрра жьҭаара 15 рҟынӡа анапы ианҵоуп:

  • Аԥсны, Аҟәа ақалақьи араионқәеи иахьрыҵанакуа иҟоу амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны авирус змоу ахаҿқәа рнагарҭа ҭыԥқәа разырхиара;
  • Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿкчымазара аҟәшаҿы аҵәыҵәри анашьҭраз аиҿкаара-техникатә уснагӡатәқәа рхыркәшара.

Аԥсны афинансқәа рминистрра анапы ианҵоуп аԥаразоужьра мҩаԥнагарц:

  • Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Аҳәынҭқарратә санитар-епидемиологиатә маҵзура аусуҩцәа рыштаттә хыԥхьаӡара ааҩык рҟынӡа аизырҳара ахарџьқәа ршәара;
  • Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Аҳәынҭқарратә санитар-епидемиологиатә маҵзура акоронавирустә инфекциа аарԥшразы амедицинатәии атесттәии ҭҵаарақәа еиҳаны рымҩаԥгаразы иахәҭаны иҟоу иҷыдоу ахархәагақәа, аныхратә материалқәа раахәаразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара.
  • Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрреи аҭыԥантәи ахадарақәеи ашколқәраҟынӡатә усҳәарҭақәеи аҵаратә усҳәарҭақәеи хаҭалатәи ахыхьчагақәеи (амедицинатә сабрадақәеи анапхаҵақәеи), арзҩыдаратә маҭәашьарқәеи, ашоурашәагақәеи рыла еиқәдыршәароуп.

Агәабзиарахьчара аминистрра ауааԥсыра аинформациа рнаҭалароуп аимҳәеи ахьҭалалареи апрофилактика рзуразы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0