Акоронавирус змаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа иаарԥшу акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара 1765 ыҟоуп. Ргәы бзиахеит 640-ҩык, 15-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭыраа 5 - Sputnik. Адиагноз COVID-19 ззықәыргылаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

COVID-19 зцәа иалаз Аԥснытәи ахаҵа иԥсҭазаара далҵит Шәача

1947 шықәсазы ииз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 4 рзы иԥсыԥлагаҩагареи игәеисреи ахьыԥсыҽхаз азы. Иара агоспиталь аҟны ахәышәтәра дахысуан цәыббра 23 раахыс. Апациент атерапиа дшахысуазгьы есааира иҭагылазаашьа еицәахон, ирыԥҳақәа аҳауарҭарсга аппарат иаҿакын. Ахаҵа илаҽыз агәачымазарақәеи арыԥҳачымазарақәеи иман.

Аҩбатәи апациент, 64 шықәса ирҭагылаз, иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 5 рзы ахәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәшахьы дшааргаз 40 минуҭ рышьҭахь. Зыԥшрак ҟамҵакәа ирыԥҳақәа аҳауаҭарсгатә аппарат рзышьақәдыргылеит, аха уи имыхәакәа, ахаҵа иԥсҭазаара далҵит  иԥсыԥлагаҩагареи игәеисреи акырӡа иахьыԥсыҽхаз азы.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны 49-ҩык акоронавирус рцәа ишалоу ааԥшит, игәарҭаз 192-ҩык рҟынтә. 

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 138-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 117-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 17-ҩык, ибжьаратәуп - 46-ҩык, илҩаауп 19-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>