COVID-19 зцәа иалаз Аԥснытәи ахаҵа иԥсҭазаара далҵит Шәача

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИнфекционная больница №2 в Сочи
Инфекционная больница №2 в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылауаҩ Шәачатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа №2 ахь днаган асанитартә авиациа ахархәарала.

АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Адиагноз COVID-19 ззышьақәыргылаз Аԥсны атәылауаҩ иԥсҭазаара далҵит Шәачатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы ҳәа адырра ҟанаҵоит Краснодартәи атәылаҿацә ахадара апресс-маҵзура.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы COVID-19 злаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит

38 шықәса зхыҵуаз апациент ахәышәтәырҭахь данааргоз даара дхьанҭан.

Аҳақьымцәа ирылшоз зегь шыҟарҵазгьы, ахаҵа изимыхәеит. Ачымазаҩ акоронавирус аформа ӷәӷәа иман, иара убас ҩ-ганкахьалатәи агәаҵәкреи ашьақәыӷәӷәара ҳараки шимаз шьақәырӷәӷәан.

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Краснодартәи атәылаҿацә аҟны рыԥсҭазаара иалҵит акоронавирус зцәа иалаз ҩыџьа апациентцәа. апандемиа ҟалеижьҭеи Ҟәбан иахьаҵанакуа COVID-19 иахҟьаз аԥсыҭбарақәа 291 ыҟоуп.

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит 1659-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 602-ҩык, 13-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0